International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

«Аныҟәаҩ алингвист» Дмитри Тиурин

«Странствующий лингвист» Дмитрий Тюрин

Мызкы аахыс Ҟарачы-Черқьесс дыҟоуп, иара ихы ишазиҳәо еиҧш «Аныҟәаҩ алингвист»,  Дмитри Тиурин.

– Ҵарадыррала, сара – сфизикуп, салгеит Самаратәи аерокосмостә университет, – иҳәоит Дмитри. – Аха, сара аныҟәара салагеижьҭеи, срысҿлымҳахеит, сызҭаауа атәылақәа рҿы инхо ажәларқәа рбызшәақәа, еиҳаракгьы - ашьҭыбжьқәа. Сара еиқәсыршәеит афонематә алфавит, уи ианыҧшуеит адунеи абызшәақәа зегьы рышьҭыбжьқәа.

Ҟарачы-Черқьессҟа Дмитри дааит, абаза бызшәа аинтерес кны.

– Сара издыруеит, абаза бызшәаҿы афонетика дара ишыуадаҩу, убри аҟынтә аинтерес сымоуп. Азҿлымҳара ду узцәырнагоит абаза бызшәа иамоу аполисинтетика. Уи адагьы, ари абызшәа сазҿлымҳауп зхыҧхьаӡара рацәам адунеи автохтонтә бызшәақәа ируаку аҳасабала. Сара, аиҿкаара «Алашара» аҟны хәыда-ҧсада абаза бызшәазы акружокқәа аус шыруа анеилыскаа, исыӡбеит акурсқәа сырхысырц. Абар, уажәы ара сыҟоуп, – иҳәоит аныҟәаҩ.

Дмитри Тиурин дныҟәоит 2011 шықәса раахыс. Уаанӡа иара имаҷны дныҟәон. Питертәи иҩыза хынтә сасра данааиҧхьа ашьҭахь ауп уи аҟаҵара аниӡбаз. Убри инаркны Дмитри ддәықәлеит.

– Сара ссасит Питер, саныхынҳәуаз –  автостопла акәын сшаауаз – саанҿасит Вологда. Усҟан сара исыӡбеит «Золотое кольцо» ала сныҟәарц. Уантәи сара снанагеит Кавказ, анаҩс – Мраҭашәаратәи Украина, Молдова… Убри аахыс Питерынтәи аҩныҟа амҩа сықәуп. «Амҩа сшықәыз» Урыстәыла зегь акәшара сахьӡеит, СССР ҧасатәи ареспубликақәа зегьы,  Прибалтикеи  Туркмениеи рыда, еиҭа адунеи 22 тәыла, – еиҭеиҳәоит Дмитри Тиурин.

Дмитри иажәақәа рыла иныҟәара зегьы иалагӡаны ҩынтә роуп амҩақьыра анишәаз. Дахьаангылоз аҭыҧ азгьы уи аҟара нихуамызт.

– Аныҟәаҩцәа асасааирҭақәа рҿы инхаӡом. Лассы-лассы дара еиҭанеиааиуеит. Иҟоуп асаит ҷыдақәа, дара ахьеицәажәо, убраҟа еибырҳәоит уахынла аҧхьаразы, – иҳәоит Дмитри.

Дмитри Тиурин аҧсҭазааразы аҧара ирҳауеит дшақәшәо еиҧш: еиуеиҧшым аусқәа инапы рылеикуеит – аидарашьҭыхҩыс, алхратә бӷьыцқәа рыларҵәаҩыс, ацирк шапито аҿгьы аусура иқәшәахьеит. Абжьааҧны, инапы злеикша аус аниҧшаалак, уаҟа еиҳа даанхоит.

Черқьесск Дмитри макьана аусурҭа изымҧшаац, аха игәы иҭоуп араҟа мызқәак даанхарц,  «Алашара» акружокқәа рҟны абаза бызшәа аҵаразы аҩаӡарақәа ҩба дырхысаанӡа.