International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Ҭаҭлусҭан Табулов иус иацҵатәуп

Продолжать дело Татлустана Табулова


Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаҧысит, Жәларбжьаратәи аидҵа «Алашареи», Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университети КЧР аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, Абазатә муниципалтә раион администрациеи еицымҩарго  абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль. Сынтәа уи азкын Ҭаҭлусҭан Табулов  диижьҭеи 140 шықәса аҵра, имҩаҧыргоит иара аиҿкаара «Алашара». зиааиз ареспублика ахада игрант аҧарақәа рхархәарала.

Ҭаҭлусҭан Закери-иҧа Табулов  - иналукааша абаза рккаҩуп, абаза литература ашьаҭаркҩы, амилаҭтә фольклор раҧхьатәи аизгаҩ, абаза бызшәазы анбанқәеи арҵага шәҟәқәеи раҧхьатәи равтор, раҧхьатәи апрофессионалтә абаза бызшәатә литератор.

Иазгәоумҭар залшом иара ироль ачерқьес ҩыреи алитературеи рышьақәгылараҟны. 1924 шықәсазы иара аус адиулеит ачерқьес бызшәа алфавит, арабтә графика шьаҭас иаҭаны, уи ҧшьышықәса ахархәара аман аҭыжьратә, ашколтә практикаҟны. 1925 инаркны 1932 шықәсанӡа Табулов черқьес бызшәала иҭижьит 13 нбаншәҟәы, анбан ашьҭахь аусутә шәҟәқәа, аҧхьаразы ашәҟәқәа, аметодикатә напхгагақәа, 1929 шықәсазы – ажәеинраалақәеи, аинсценировкақәеи, адраматә ҩымҭақәеи реизга «Зули».

1932 шықәса инаркны, алатинтә графика ашьаҭала иаҧиҵаз абазатә алфавит анышьақәдырӷәӷәа анаҩс, Ҭаҭлусҭан Закери-иҧа аусура напы аиркит абаза бызшәа аҭҵаареи арҵареи ирыдҳәалоу, амилаҭтә фольклор аизгара, абаза бызшәала алитературатә рҿиамҭақәа раҧҵара. Аибашьра иалагаанӡа иара ихала, иара убас егьырҭ авторцәа ицырхырааны иҭижьит 19 анбан шәҟәқәа, арҵагақәа абазатә грамматиказы, ахрестоматиазы, анбан ашьҭахь аҧхьаразы ашәҟәқәа. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы икьыҧхьит аҭҵаарадырратә усумҭақәа ҩба, напылаҩырақәа даҽа ҩба азирхиеит, еиҭаганы иҭижьит Николаи Чуковски иповесть «Домик на реке», дрылахәын 12 программа разырхиареи рҭыжьреи, аҩныҟатәи адҵақәа реизга, абаза бызшәеи, ахрестоматиеи, ахатәы бызшәеи рырҵага шәҟәқәа, уахь иалан афольклортә шьаҭала ихатәы аҧҵамҭақәа. 1947 шықәсазы иҭижьит абазатә лакәқәа раҧхьатәи реизга,  1955 шықәсазы – аҩбатәи, еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ Константин Шьаҟрыли иареи еицҭрыжьит.

Абаза бызшәеи алитературеи есышықәсатәи рфестиваль, традициала ихыркәшахоит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ала, уи хьӡыс иаиуит «Табуловтәи аҧхьарақәа» жәлар рырҵаҩы игәалашәара аҳаҭыр азы. Уажәтәи афестиваль амҽхак арҭбааит, уи иалахәын Аҧснынтәи аҵарауаа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа ргәыҧ ду Еиҳа ҵакыла иҭбаан афестиваль апрограммагьы, уи иалан абаза бызшәеи алитературеи рзы аҧышәа ду змоу арҵаҩцәа рмастер-классқәа.

Жьҭаара 24 рзы Ельбургантәи абжьаратә, азеиҧшҵарадырратә школ аҿы имҩаҧысит ахатәы бызшәеи алитературеи рзы иаарту аурокқәа ҩба. Урҭ рымҩаҧысшьа иацклаҧшуан апрофессор Сергеи Пазов, аҵарадырра аусзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵара ашьҭыхразы Ҟарачы-Черқьестәи ареспубликатә институт аҟабарда-черқьестәи абазатәи бызшәақәеи алитературақәеи ркафедра аиҳабы Билиаль Хасароков, Ҟарачы-Черқьестәи агәуманитартә ҭҵаарақәа ринститут абазатә ҟәша аиҳабы Аишат Ӡыба, Абазатә муниципалтә раион администрациа аҵарадырреи акультуреи рыҟәша аиҳабы Земфира Муртазова, Абазатә раион ашколқәа абаза бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа, АНО «Алашара» аусзуҩцәа.

Абаза бызшәазы ажәбатәи акласс аҿы аурок мҩаҧылгеит арҵаҩы Аминат Шхаева. Раҧхьа лара игәалҭеит ахәыҷқәа уаанӡа ирымаз атема шырҵаз – еилкаам ахатәы ҳәоуқәа. Аҵаҩцәа рыхәҭак атесттә дҵақәа рыҭан, урҭ нарыгӡаанӡа, иаанхаз аҩныҟа дҵас ирымаз аҳәоуқәа еилдыргон. Асасцәа рацәаҩны иахьрылатәаз, иубон ахәыҷқәа шацәыҧхашьоз: дара уиаҟара ргәы амыҳәо рнапқәа шьҭырхуан. Рыбжьы рмаҷны аҭак ҟарҵон. Аха иҟарҵоз аҭакқәа иашан,  Аминат Рашид-иҧҳа лакәзар уи лгәы ҟанаҵеит.

Анаҩс ицон алексикатә усура: ахәыҷқәа – уажәшьҭа еиҳа илах-ҿыхны еиҭарҳәон, амилаҭтә фольклор аҟынтәи иаагоу ацәаҳәақәа, ажәақәак аурыс бызшәахь еиҭаргон. Ари адҵагьы еихьӡарала ианынарыгӡа, арҵаҩы диасит атема ҿыц аиҭаҳәарахь – еилоу аҳәоуқәа. Излеилкаахаз ала акласс ҳаамҭазы аурыс бызшәаҿгьы абри атема ауп изхысуа, уи иармариеит арҵаҩы лусгьы, аҵаҩцәа атема аилкаарагьы рцәыуадаҩымхеит. «Ахьтәы ҭагалан» атемала еилоу аҳәоуқәа рхы иархәаны рацәак идуум ахыҭҳәаа аҩразы дҵас ирымаз, ажәбатәи акласс аҵаҩцәа уадаҩрак рызцәырнамгеит. Ҩыџьа аҵаҩцәа еиқәдыршәаз атекст ианаҧхьа, еилкаахеит еилоу аҳәоуқәа захьӡу, урҭ ҿырҳәалагьы аҩраҿгьы ахархәара шрыҭатәу рхаҿы ишааиз.

Иҟан аурок атема хада маҷк ианацәхьаҵызгьы. Арҵаҩы игәалҭеит, ахәыҷқәа абаза бызшәала ахыҧхьаӡара ахьынӡардыруа. Лара ахәыҷқәа дҵас ирылҭаз ахыҧхьаӡарақәа иаадырҧшуан, абазақәа рзы ихадоу ахҭысқәа ррыцхәқәа. Еилкаахеит аҵаҩцәа арҭ арыцхәқәагьы, ахҭысқәагьы шырдыруа. 

Убри аҟнытә Аминат Рашид-иҧҳа илзаанхаз дара рырҽхәароуп, аурок аҿы еиҳа активла зхы аазырҧшуаз ралкаара, анаҩстәи ауроки, ҭагалантәи аҧсшьара мшқәеи рзы зегьы адҵа рыҭара.

Ахатәы литературазы аурок  ахәбатәи лыкласс аҟны имҩаҧылгеит Инжич-Чукунтәи ашкол арҵаҩы Фатима Асанаева. Ахәбатәи акласс апрограмма иазҧхьагәанаҭоит ахәыҷқәа абаза жәлар рырҿиаратә ҳәамҭақәа дырдырра. Аекран аҿы ирбоз алакәқәа рфырхацәа зусҭцәоу ахәыҷқәа иаразнак излардыруаз ала, еилукаауан дара абарҭ реиҧш афольклортә рҿиамҭақәа, «Амалыи ахшыҩи», «Аҭаҳмада иҧҳа аҳ дшииааиз», «Аҭыҧҳа ҧшӡеи хҩык аиҩызцәеи», «Аҭаҳмадеи ашышкамси». Еиҳаракгьы ихадоу, еилыркаауеит арҭ алакәқәа иудырҵо.

Ахәбатәи акласс аҵаҩцәа апрограммала анаҩс изхысуаз лакәын «Адау иан». Аҩымҭа ҿыц ахәыҷқәа ирыдылгалаанӡа, арҵаҩы ирзеиҭалҳәеит аҧҵамҭаҿ ирҧыло, уаанӡа ирзымдыруаз, иажәхьоу ажәақәак рҵакы. Алакә ацыҧҵәаха даҧхьаны, Фатима Мухадин-иҧҳа игәалҭеит излацәажәо ахәыҷқәа иахьынӡеилыркаауа, агәрагьы лгеит урҭ ажәабжь ахаҭа акәым, иамоу ааӡаратә ҵакгьы рхаҿы ишааиз: дара иқәыӡбеит афырхаҵа иан дахьылзымӡырҩыз, иаб дахьиҿагылаз. Уимоу дахьиеисыз. Анаҩс аҵаҩцәа хаз-хазы иаҧхьеит алакә ацыҧҵәахақәа, абаза текст аҧхьашьа бзиа аарҧшуа, аурок ахыркәшамҭаз аҩымҭа аперсонажцәа дара рхаҿы ишааиуаз еиҧш иҭырхит.

Рырҵаҩы лҟынтәи ахәшьара бзиақәеи аҧсшьара мшқәа раан рыдҵақәеи  рыманы ахәыҷқәа аҩныҟа ицеит.

Асасцәа ракәзар ирзыҧшын даҽакы – ауроканҭыҵтәи – аҽазыҟаҵара. Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа рырҵаҩцәа Аишьат Коичеваи Мадина Меремкуловаи рнапхгарала  ашьхарыуаа рҵасқәа ртемала иаздырхиеит атеатртә қәгылара. Иддырбеит Ҭаҭлусҭан Табулов ипиеса«Зарыля» ала рхатәы қәыргыламҭа. Ахаҧшьгаратә актиорцәа рыхәмарра ахәаҧшцәа напеинҟьарыла ирыдыркылеит. 

Имҩаҧгаз аурокқәа ахҳәаа рызуа, Сергеи Пазов иазгәеиҭеит, дара рҟны аҵаҩцәа активра шаадырҧшыз, ахәыҷқәа ргәы ҿыӷьуамызт, дара зҿлымҳарыла ирзыӡырҩуан арҵаҩцәа, рызҵаарақәа рҭак ҟарҵон.

– Зегь реиҳа ихадоу: ахәыҷқәа ссируп, ибзиан ирдыруеит абаза бызшәа, асеиҧш аҵаҩцәа аныҟоу, аус здуулаша ҟалоит,- ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ельбурган имҩаҧгаз иаарту аурокқәа азкын  2019 шықәсазы абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль алагара. Адырҩаҽны, жьҭаара 25 рзы уи иацнаҵеит апрограмма аконкурстә хәҭа. Иара мҩаҧысит Черкьесск агимназиа № 16, ишьақәгылан аҧхьаҩцәа рконкурс, ахыҭҳәаақәа рыҩра, абаза бызшәеи алитературеи рзы аолимпиада, уи рхы аладырхәит 200-ҩык рҟынӡа ашколхәыцҷқәеи Ҟарачы-Черқьестәи арҵаҩратә коллеџь актәи акурс астудентцәеи. Урҭ зегь бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит апроект анапхгаҩы – КЧГУ апроректор, апрофессор Сергеи Пазов, КЧР аҵарадырра аминистр Фатима Бекижева, Абазатә муниципалтә раион администрациа аҵареи акультуреи русбарҭа аиҳабы Земфира Муртазова, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Ахра Анқәаб, Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор   Лиудмила Ристова.

Ахра Анқәаби Лиудмила Ристоваи аконкурс ахь иааргеит ҧшьҩык Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аиҵбыратә курс астудентцәеи, ҧшьҩык Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи. Урҭ рықәгылара аҧхьаҩцәа рконкурс зырҧшӡо акакәны иҟалеит. Дара убри аҟара аҧсышәалеи абаза бызшәалеи ҟазарыла ажәеинраалақәа ирыҧхьеит, ашәақәа нарыгӡеит, абарҭ атеатр артистцәа роума, ҳәа агәаанагара заузгьы ҟалеит.

Ҟарачы-Черқьестәи ашколқәа рҵаҩцәа сахьаркырала аҧхьараҟны аҟазара аадырҧшит. Аӡбаҩцәагьы даара ирцәыуадаҩхеит аҧхьахәқәа реихшара.

Аконкурсқәа зегьы рҟны аиааиреи аҧхьахәқәеи згаз рыхьӡқәа рҳәеит абҵарамза  1 азы  «Табулов иаҧхьарақәа» захьӡыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҟны. Аҧхьахәқәа згаз зегьы иранашьан адипломқәеи аҳамҭақәеи, аиҵбыратә қәра иаҵанакуаз – аҧаратә ҳамҭагь рыҭан. Аиааира згаз аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа ирзыҧшуп   2020 шықәса, ҧхынгәымзазы Аҧсны амшынеиқәа аҿықәаҿ еиҿкаахо алингвисттә лагер ахь апутиовкақәа.

– Макьаназ асеиҧш аҧхьахә шьақәыргылоуп аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы мацара, избанзар урҭ атәылауаҩшәҟәқәа рымоуп, рхала аҳәаа иахысыр рылшоит, - иҳәеит Сергеи Пазов.

Ахыҭҳәаа аҩразы аконкурс аҟны актәи ақәратә гәыҧ (5-8-тә аклассқәа) иреиӷьу ҳәа иалкаауп Мало-Абазинтәи абжьаратә школ аҟынтә Елина Шхаева лусумҭа. Аҩбатәи аҭыҧ аҟны – Красныи Восток, Р. Н. Клычев ихьӡ зху  абжьаратә школ №3  аҵаҩы Амиран Коков, ахҧатәи – Дианна Бленаова  Инжич-Чукунынтә.

Аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рҟны зныкала аиааира ргеит иреиӷьу аусумҭақәа ҩба равторцәа  – Милана Харцызова (Ельбурган), Мадина Пшунова (Красныи Восток). Аҩбатәи аҭыҧ ранашьоуп убасгьы ҩыџьа – Аина Ксалова (Ельбурган),  Алимран Хачуков (агимназиа № 17  Черқьесск ақалақь). Ахҧатәи аҧхьахә лоуит Лилиа Ашба  Старо-Кувинскынтә.

Иҷыдоу аграмотақәа, афестиваль активла ралахәразы ирыҭоуп даҽа х-усумҭак равторцәа – Лилиа Дармилова (Ново-Кувинск), Амина Аджибекова (Красныи Восток), Светлана Каблахова (Ҧсыж, ашкол № 2).

Абаза бызшәеи алитературеи рзы актәи ақәратә гәыҧ аҟны  (5-7-тәи аклассқәа) аолимпиада адҵақәа зегьы иреиӷьны инарыгӡеит Алиа Аджиева (Инжич-Чукун), Милана Каблахова (Красныи Восток), Мухаммад Камов (Ельбурган).

Аҩбатәи ақәратә гәыҧ (8-9-тәи аклассқәа) ибзиаӡан рхы аадырҧшит Черқьесск ақалақь аҵаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа Даиана Хутова (аҵарадырра ацентр № 11), Алиихан Хутов (агимназиа № 17), Милана Малхозова (агимназиа № 5), иара убас Салима Харатокова  Кара-Пагонтә, Миланеи лареи ахҧатәи аҭыҧ еиҩыршеит.

Ақалақьтә школ даҽа ҵаҩык Амина Клычева (агимназиа № 9) аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рыбжьара ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит. Актәи аҧхьахә араҟа илоуит Ҟарачы-Черқьестәи арҵаҩратә коллеџь астудентка  Радима Аисанова, аҩбатәи – аул Кара-Паго В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҵарадырра Ацентр 11-тәи акласс аҵаҩы Джамилиа Курачинова.

Аҧхьаҩцәа рконкурс иалахәын аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәагьы. Аӡбаҩцәа ргәаанагарала, аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа рыбжьара зегьы иреиӷьны ажәеинраала даҧхьеит Ҟәбинантәи Арианна Тлиаужева. Аҩбатәи аҭыҧ аҿы – Черқьессктәи агимназиа № 15 аҵаҩы Арсен Дагужиев, ахҧатәи – Дарина Утегушева  Ҧсыжтәи агимназиа № 1.

5-8-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рыбжьара зегь реиҳа аӡбаҩцәа ргәы иақәшәеит Саида Шереметова (Красныи Восток), Амаль Апсов (Ҧсыж, агимназиа № 1), Лиана Лапугова (Старо-Кувинск).

Аиҳабыратә ақәратә гәыҧ аҟны аӡбаҩцәа дырзалымхит Ельбургантәи Мухтар Коичеви,  Красныи Востокынтә Алина Тебердуковаи рыбжьара иреиӷьыз, аҩыџьагьы актәи аҧхьахә рырҭеит. Аҩбатәи аҧхьахә лоуит Залина Кахунова (арҵаҩратә коллеџь), ахҧатәи – Алим Чиков (Ҧсыж,агимназиа № 1).

Аҧхьаҩцәа рконкурс иалахәыз даҽа ҩыџьа – Ризуан Шхагошев (Ҧсыжтәи ашкол № 2),  Амина Ӡыба (Старо-Кувинск) иранашьоуп афестиваль аиҿкааратә еилакы аграмотақәа.

Аграмотақәа роуит, асахьаркыратә ҧхьарала ахәаҧшцәа хызхыз, абазеи аҧсуеи поетцәа ражәеинраалақәа ирыҧхьоз Аҧснынтәи асасцәа: Гәдоуҭа ақалақь ашкол № 2 аҵаҩцәа Инар Гьерзмаа, Денис Ҟәланба, Елиф Оҭырба, Аминат Ҭаркьыл, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет астудентцәа Диана Арахамиа, София Дгьебулаӡе, Алхас Ҧсардия ашәақәа назыгӡаз Саид Сангулиа.

Аиҿкааратә еилакы иалнакааит аконкурсқәа рҟны аиааира згаз аҵаҩцәа азыҟазҵаз, афестиваль амҩаҧгара иацхрааз арҵаҩцәагьы. 

Аконференциа ахаҭа иалахәын аҵарауаа, арҵаҩцәа, абаза бызшәеи алитературеи рзы аспециалистцәа, иара убас Хабезтәи араион аҟынтәи ачерқьес бызшәа арҵаҩцәа ргәыҧ ду, Аҧснынтәи аҭҵаарадырратә делегациа. Уахь ааҧхьара рыман ауаажәларратә усзуҩцәа – ауаажәларратә еиҿкаара  «Адыге Хасе» ахантәаҩы Али Асланов, абазатә уаажәларратә еиҿкаара ассоциациа «Апсадгьыл» актив.

Апленартә еилатәара мҩаҧысуан Абазатә раион администрациа акттә зал аҿы. Иара ааиртит, иагьымҩаҧигеит Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Сергеи Пазов. Уаҟа аконференциа алахәылацәа рышҟа рхы рханы иқәгылеит Абазатә муниципалтә раион администрациа ахада Мухаджир Ниров, КЧР аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыҧуаҩ Фатима Бекижева, КЧГУ аректор Таусолтан Узденов. Дара иазгәарҭеит аконференциа апрактикатә ҵакы, уи  мҽхакы ҭбаала алшарақәа шаанартуа аҧышәа аимдаразы, аҭҵаарадырра-рҵаҩратә усеицура аҿиаразы. Таусолтан Аубекир-иҧа еизаз идирдырит ауниверситет иҭнажьуа КЧР ажәларқәа рбызшәақәа рыла иҭыҵуа алитература-публицистикатә, аҭҵаарадырра-методикатә журналқәа. Аҵарауааи аспециалистцәеи ҳамҭас ирыҭан абыржәыҵәҟьа атипографиаҟынтәи иааргаз ажурналқәа актәи аномерқәа «Абазашҭа аӡыхьқәа» («Родники Абазашты») абаза бызшәала, «Хэку»  ачеркьес бызшәала.

АНО «Алашара» ахада ихаҭыҧуаҩ Рамазан Мхце даҧхьеит аиҿкаара ахада Мусса Екзеков иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы. Ҭаҭлусҭан Табулов абазеи ачерқьес бызшәақәа рыла алитературеи аҩыреи рышьаҭаркраҟны ироль дазааҭгыло, иазгәеиҭеит аҭҵаарадырреи арҵаҩратә еилазаареи рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа. 

– Хадара злоу акоуп, Ҭаҭлусҭан Табулов игәаларшәара, ҳаҭыр иқәҵара мацара акәым, иара дызлагаз аус ацҵара,, иара иеиҧш ҳхатәы бызшәа, акультура бзиа абара, уи абиҧарак аҟынтәи даҽа абиҧарак рымдара. Ҷыдала шәара, - абаза бызшәазы аспециалистцәа, арҵаҩцәа, аҵарауаа, алитературатә интеллигенциа – ишәылшоит, ари аус аҿы шәлагалагь ҟашәҵароуп. Шәара шәыла иаҳбоит абызшәа арҿиара иацхраауа амч шшәымоу. Ишәзеиӷьасшьоит лҵшәабзиала аусура, агәра ганы сыҟоуп, шәара шәыҭҵаарақәеи. шәҧышәеи есыҽнытәи аҭҵаарадырреи арҵаҩрратә практикеи рҟны ахархәара шроуа, – иҳәеит Рамазан Мхце.

Апленартә еилатәараҿы ирзыӡырҩын афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Оҭар Ӡиӡариа иажәахәқәа. Урҭ рызкын аҧсуеи абазеи литература ашьаҭаркыҩцәа Дырмит Гәлиеи Ҭаҭлусҭан Табулови рыҧсҭазаареи русуреи; афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Мариат Харатокова, абаза бызшәаҿы ажәаҧҟақәа анализ рзыҟалҵеит; Черқьесск ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Хаджат Агирбова, ареспублика аҳҭнықалақь азеиҧш ҵараиурҭақәа рҿы ахатәы бызшәа арҵара аҭагылазаашьеи ахаҭабзиареи рзы аинтерес зҵоу аинформациа рылҭеит; аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аминат Курмансеитова еиҭалҳәеит Октиабртәи ареволиуциа ҟалаанӡа абазақәа рҿы акьыҧхь шәҟәы аҭагылазаашьа атәы. Аҵыхәтәантәи ажәахә ацәажәарақәа ахылҿиааит.

Аҧсшьараамҭа ашьҭахь аконференциа иалахәыз ииасит Ельбургантәи ашколахь, уаҟа х-секциакны рыҽшаны, иалацәажәеит абазатә, аҟабарда-черқьесстә бызшәақәа, алитературақәа, афольклор рҵара апроблемақәеи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи. Инеизакны аконференциаҿы иазгәаҭан 50 инареиҳаны ажәахәқәа. Урҭ рыхәҭак иҩны ирызнаган, урҭгьы егьырҭ ақәгыларақәа реиҧш аконференциа аматериалқәа реизгаҿы икьыҧхьхоит.