International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Иазхаҵоу аҧхьагыла

Признанный лидер


Иахьа еицырдыруа аҵарауаҩ, абизнесуаҩ, амеценат Мусса Екзеков иазгәеиҭоит 55-шықәса ихыҵра.

Ари арыцхә иара даҧылоит иазхаҵоу жәлар раҧхьагылаҩ иакәны. Мусса Екзеков Адунеизегьтәи аҧсуа-абазатә конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак дахантәаҩуп, абаза уаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа  «Апсадгьыл» хантәаҩыс дамоуп, аҧсуа-абаза етнос аҿиара ацхрааразы Жәларбжьаратәи аидҵа «Алашара» хадара азиуеит. Аха уи иааникыло амаҵуратә ҭыҧқәа ракәӡам аус злоу, иҟаиҵо аусқәа роуп, ажәлар рҿы имоу аҳаҭырқәҵара ауп. Адунеи зегьы аҿы инхо абазақәеи аҧсуааи Мусса Екзеков ихаҿала ирбоит хаҭала иара шиакәу Абаза жәлар реидкылара зылшо, аиҭаҿиара амҩала ргара зылшо.

Мусса Екзеков диит август 13, 1964 шықәсазы Красныи Восток ақыҭан. Ихәыҷра инаркны иара илалеит абаза бызшәа аҧшӡара, амилаҭтә культура абеиара. Уи иацхрааит иара иабдуцәеи иандуцәеи иаб иганахьала – Хабали Екзеков иеиҧш, иан Фатимат –Физикова лганахьалагьы. Жәлар рҳәамҭақәа, дара рмаҭацәа ирзеиҭарҳәоз, ахәыҷқәа ирылаанаӡон ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа бзиақәа, ишьақәгылон амилаҭтә ҟазшьаҷыдақәа.

Дара абыргцәагьы Абазара ныҟәызгоз ракәын, ахәыҷқәа рзы иҿырҧшы бзианы иҟан. Еиҳаракгьы иаб иганахьала иабду Газиз Екзеков.  Мусса хәыҷы даршанхон иара имчра, ихаҵара, иҩныҵҟатәи аенергиа, игәыразра.

«Иабду 97 шықәса ихыҵит, иқәраҟны аҭәа ирхуан, – игәалаиршәоит Мусса Хабали-иҧа. – Иџьыба еснагь аконфетқәа ҭан, иара амҩаду аҟны иҧылоз ахәыҷқәа идиркуан».

Муссагьы иҭахын иабду Газиз иеиҧш дыӷәӷәаны дҟаларц, убри азы аспорт иҽазыҟаиҵон. Усҟантәи ашықәсқәа рзы Красныи Восток иҟамызт аспорттә школқәа, дара асекциақәагьы, ахәыҷқәа рхала рҽазыҟарҵон еиуеиҧшым аспорттә хкқәа, хадаратәла ампыласра. Убасгьы ақыҭаҿы шҭацыҧхьаӡа атурникқәа гылан, аҷкәынцәа зегьы уи иахьынҳалар рылшон, иахаҵәиуан – ақыҭа хәыҷқәа рзы ари ҳаракыра дуун.

Ақыҭаҿы раҧхьаӡа акәны абоксиор данцәырҵ, иқәыҧшыз Мусса Екзеков «дихьынҳалеит» иара, шьыжьла дицны дыҩуан, иҽазыҟаиҵон. Абокс азы аҽазыҟаҵара иациҵеит истуденттә аамҭақәа рзы, Ленсовет ахьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет аҟны аҵара аниҵоз. Аха хара имгкәа иара еиҳа иӷәӷәаны даднаҧхьалеит зхы иақәиҭу аиқәҧара, Мусса диасит ари аспорттә хкахьы.Мызқәак рышьҭахь иара иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара, анаҩс еиҳау атурнирқәа рҿгьы аиааирақәа игахьан – убарҭ рхыҧхьаӡараҿы зегьеидгылоутәи, аспорт дазҟазахеит. Аха ихадароу аспорт инаҭаз – уи имчқәа рыгәрагара, иҿаҧхьа ахықәкы ҳаракқәа ықәыргыланы, урҭ рынагӡара.

Иҧсҭазаараҿы ихықәкы хаданы Мусса Екзеков иаликааит данхәыҷыз. Ҽнак иаҳәшьа диазҵааит: «Узакәхарц иуҭахузеи. ианузҳалак?» Аҷкәын иҭак дыззыҧшымыз акакәхеит: «Сара исҭахуп ирацәаны аҧара арҳара, ауаа рыцхраара».

Истуденттә шықәсқәа рзы ари ахықәкы амҽхак аҽарҭбаауа иалагеит.

«Сара ақалақь ду аҟны аҵара анысҵоз, сыҧсадгьыл маҷ иацәыхараны, исныруан истәыз акы шысзымхоз, исызгәакьоу, имилаҭтәу – абаза ашәақәа зныз акассета азыӡырыҩразы алшара акәзаргьы. Усҟан уи ыҟамызт», – игәалаиршәоит иқәыҧшра Мусса Хабали-иҧа. Иациҵоит: «Маҷ-маҷ исзааиуа салагеит ахдырра, сара сшазшоу, сыҧсҭазаара зегьы ҵакыс ишамоу сыжәлар ракзаара аиқәырхаразы исылшо зегьы аҟаҵара, схәыҷқәеи смоҭацәеи мацара  ракәым, ҧхьаҟатәи абиҧарақәа зегьы рхы иақәгәыӷуа, рдац-ҧашә рдыруа, уи иахӡыӡаауа иҟаларц азы».

Аинститут даналга Мусса Екзеков аусура далагеит Ленинградтәи ахимико-лаборатортә чысмаҭәеи априборқәеи рзауад аҟны ацех аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс. Шықәсык ҵаанӡа иара дҟарҵоит азауад атехнолог хада ихаҭыҧуаҩыс.  1989 шықәса ноиабр мзазы Мусса Екзеков дҭалоит аспирантура асаркьа ахимиатә технологиа акафедрахь, дагьалгоит 1992 шықәсазы. Уи ашьҭахь дрыдыркылоит АОЗТ «Техноинтеллект»  Санкт-Петербург, адиректор хада ихаҭыҧуаҩыс.

1998 шықәса алагамҭазы Мусса Екзеков иӡбоит иаҧиҵарц девелопертәи акомпаниа ОАО «Соломон», акоммерциатә еиҭамҵуа амазара аусхк аҿы апроектқәа знапы рылаку. 2006 шықәсазы Санкт-Петербург Енгельс имҩаду аҿы акомпаниа иаанартит ахәҳахәҭра-арлахҿыхратә комплекс «Гранд Каньон».

«Ацәҳәыраҿы ари аргылара напы анасыркы, агәра згоз рацәаҩымызт, шықәсқәак рышьҭахь асеиҧш акомплекс абраҟа иҟалоит ҳәа, – еиҭеиҳәоит Мусса Хабали-иҧа. – Сара уи иахьӡысҵеит «Гранд Каньон». Сара Америка саныҟаз избеит абасеиҧш ахьӡ змаз Колорадо аӡиас аҧшаҳәа. Уи џьара акы ала исгәаланаршәон Красныи Восток иҟоу аҧшаҳәа Кумы», – еиҭеиҳәоит абизнесуаҩ ари ахьӡ залихыз.  2016 шықәсазы еиҭамҵуа амазаразы жәларбжьаратәи аинвестициатә форум OESTATE 2016 аҟны апроект «Гранд Каньон» алкаан ажәашықәса иреиӷьу аобиект «Торговая недвижимость» аноминациаҿы. Иахьа акомпаниа ОАО «Соломон» акоммерциатә еиҭамҵуа амазара аҵакыра 200 нызқь метр ҧшьыркца ыҟоуп.

Ирҳауа аҧара ахәҭа дук Мусса Екзеков, данхәыҷыз игәы ишҭеикыз еиҧш, ауаа рыцхраарахь идәықәиҵоит. Иара афинанстә цхыраара риҭеит Аҧсны араионқәа зегьы рҿы зхы иақәиҭу аиқәҧаразы ашколқәа раҧҵараҟны, Ҟарачы-Черқьес акәзар иаҧшьигеит апроект «Ашықәс ашәа – Абаза», уи абазатә ашәа арҿиара иацхрааит. Ари аус, абаза бызшәа аиқәырхаразы ицхыраагӡахеит, избанзар амилаҭтә ашәақәа зехьынџьара иануаҳауа, абызшәа улымҳа ианҭаҩуа, иухашҭӡом.

2011 шықәсазы Мусса Екзеков  Санкт-Петербург иаҧиҵоит Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара «Алашара»,  2013 шықәсазы Ҟарачы-Черқьестәи ареспубликаҿы иаҧиҵоит иара аҟәша. Черкесск аофис «Алашара» аӡыргараҿы Мусса Екзеков дҵааит: «Абазақәа ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҧыҭк рымоуп,  «Алашара» урҭ излареиҧшымхозеи?» ҳәа. Иара аҭак ҟаиҵеит: «Ҳусура шьаҭас иаиуеит асистема. Ҳара иқәҳаргылалоит ахықәкқәа, урҭ рынагӡара алзыршо аҳасабтәқәа аус рыдаҳулоит. Убасоуп аихьӡарақәа шалыршахо».

«Скомандеи сареи аус адаҳулеит жәашықәса зҵазкуа аетнос аиқәырхареи арҿиареи рзы апрограмма. Сара еилыскааит, ари апроект анынасмыгӡа, сгәы рҭынчны аҧхьаҟа анхара сылшаӡом…», – иҳәоит Мусса Екзеков.

Иара иқәиргылаз ахықәкы шынагӡахо азы гәыҩбара имаӡам. Иара дрықәгәыӷуеит имчқәа, дрықәгыӷуеит ижәлар.

«Сара срыхьӡар сҭахуп ихәарҭоу аусқәа рыҟаҵара сыжәлар рзы, сыҧсадгьыл маҷ азы, Урыстәылазы, Аҧсназы. Ҧхьаҟатәи абиҧарақәа рыҿиаразы ауасхыр ӷәӷәа ашьҭаҵара, – иҳәоит Мусса Хабали-иҧа. – Ужәлари, ауаажәларреи шаҟа хәарҭара рзыҟауҵо иахьыҧшуп ари адгьыл аҿы ухылҵшьҭрақәа ирзынужьуа ашьҭа...»