International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Аҧсуаа реицәажәара акультураҿы ақәыҧшылара аиҿкаара

Организация пространства в культуре общения абхазов

Иарбанзаалак аетникатә акзаара иамоуп ақәыҧшылареи ауаҩы ихымҩаҧгашьеи реимадаразы ахаҿы аагара, аицәажәара атрадициатә культураҿы аилкаара аҵакы.

Убас англиаа рҟны еицәажәо рыбжьара 1 – 3 метрак рҟынӡа бжьазароуп, рыбжьы ҳаракымкәа ианцәажәо еибырҳәо раҳауа. Арабтә етносқәа, латиноамерикаа, Аладатәи Европа ажәларқәа рхаҭарнакцәа жәпаҩык рзы,  нормоуп ҳәа иҧхьаӡоуп еицәажәо рыбжьара метрак еиҵаны ибжьазаргьы.

Аҧсуа етикет – аетнос реицәажәара акультура агәыцә – иазҧхьагәанаҭоит еицәажәо рыбжьара 1,5 – 2 метрак рыбжьаҵара. Еиҳаракгьы, ари адҵа рыдлон алахәылацәа-«антагонистцәа»: аҧҳәыс-ахаҵа, аиуара зыбжьамыз; аиҳабы-аиҵбы (қәрала, еиуарала, ҟазшьала). Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны еицәажәоз рыбжьара 0,5 инаркны 2 метрак рҟынӡа бжьан.

Иаагозар, аеҳәшьаҧҳаи аншьеи реиҧылараан раҧхьа лара иааигәара днеиуеит, ижәҩахыр лхы ықәылҵоит, аҭакс иара лылахь, лхы дагәӡуеит. Ари ахҭыс аҟны, ҳара иаҳбоит еизааигәоу аиуацәа рхымҩаҧгашьа.

Еибадыруа аҳәса (еиҳаракгьы, еиуацәазар), аҧсшәа анеибырҳәалак, реицәажәараан  ирыбжьарҵараны иҟоу еиҵартәыр ауеит.

Убасеиҧш рхы мҩаҧыргар ауеит ахацәагьы, еиҳарак зықәрахь инеихьоу, еиҳагьы рҽеизааигәатәуа, рнапқәа еибаркны.

Аизааигәахаратә хымҩаҧгашьа ашьақәыргылараҟны имаҷым ароль нанагӡоит, «еицәажәо злеиуацәоу» аилкаара, аицәажәара иаҵаҵәаху аилкаара, избанзар еицәажәо рықәра, ахаҵара-ҧҳәысра убарҭоуп.

Иаагозар, ахаҵа иидыруа аҧҳәыс харантәи аҧсшәа лаҳәо, иан, мамзаргьы ианду дышлыжәлантәу анеиликаалак лааигәара днеир илшоит, дааигәыдиҳәҳәалоит азеиӷьашьаратә ажәақәа лаҳәо…

Асасцәа рҧылараан аҧшәмацәа, еиҳаракгьы қәрала еиҵбацәоу, агәашә иҭыҵны ирҧылоит, убри алагьы идырҭбаауеит рысасдкылара уи иадҳәалоу амаҵ аура.

Аҧсуаа реицәажәарак аетнокультураҿы ақәыҧшылара аиҿкаареи аусуреи, егьырҭ аетносқәа жәпакы реиҧш ишьақәгылоит абарҭ асхемақәа рыла: «арма – арӷьа», «агәҭа - аперифериа», «ахаҿратә фасад -атыл», «аҧхьа - ашьҭахь», «актәи - абжьаратәи - аҵыхәтәантәи», «аҳарак - алаҟә».

Еиҟароу ҩхәҭакны ашара акәзар «арӷьа - арма» иҳәатәуп, арӷьарахьтәи  аган аҧсуаа рҟны адинхаҵарала уахәаҧшуазар еиҳа ҳаҭыр аман, арма аасҭа. Иара аманшәалара, анасыҧ иадырҳәалон, арма акәзар, - уи анасыҧдара.

Аинформантцәа  изларҳәо ала, арӷьашьапы ала аҩны ашәхымс ихыҵуан, аҩны идәылҵуан, аиарҭа илҵуан; арӷьа напы ала ус хадак иалагон, ирырҭон, ирымырхуан, аҧшқа ихькьысуан, афатә урҭон, аҩы рнаҳауан, аӡы рнапы иақәырҭәон, мамзаргьы рцәеижь иақәырҭәон арӷьархьтә армарахь уб. иҵ.

Убри инамаданы аинтерес аҵоуп жәлар рҳәамҭа афрагмент, харантәи ирбаз ирзымдыруаз ҽуаҩык, ауаа дрыдыркыларц рыӡбеит абасала: «Иара арыӷьарахь ала дааины аҧсшәа ҳаиҳәар – ишькыл аанкылан, шәицхраан дҽыжәышәх, избанзар уи ҳара даҳҩызахоит. Арымарахь ала дааины аҧсшәа ҳаиҳәар – дышәшьы, мап анакәха иара дшәаҧысуеит». Аҧсуаа ирҳәоит «арымарахь акәымкәа, арыӷьарахь дықәҵәиит».

Адунеи ажәларқәа жәпакы рҟны арма аҳәса иртәуп ҳәа иҧхьаӡан, арӷьа - ахацәа: еицырдыруа абиблиатә ҳәамҭа Ева дызхылҵыз Адам иарма ваҵкьыс ауп, «тантризм иаҧхьаӡоит арӷьарахьтәи ацәеижьхәҭа – хаҵатәуп, арамарахьтәи – ҧҳәыстәуп» ҳәа, аҧсуаа мгәарҭаҟны иҭоу имиц ахәыҷы изы ирҳәоит, «аҷкәын иарӷьа ган дықәиоуп, аӡӷаб лармаган» ҳәа. 

Ахаҵа ивагылан инеиуаз аҧҳәыс, арӷьарахь ала ддыргылон, лымҩа ашәарҭадатәразы, лнапы аанкыларазы.

«Кавказ жәлар ркультураҿы, – иҩуеит И. Карпов, – «арӷьа» иаман аҵоура ҷыда «арӷьа – арма»  «ахаҵа – аҧҳәыс» реидкылараан. Аха иарбоу аетикеттә формаҿы ҳасаб азутәуп даҽа аспекткгьы. Аҳәа, аҟама ашьхарыуаҩ иарма ганаҿы икнаҳан, убри аҟнытә ианеиҧылоз ахацәа убас еиҧырҵуан рарма ган, «бџьарла еибыҭаз» рганқәа еиҿаҧшуан – уи аҩыза аҭагылазаашьаҟны абџьар аҭыхра маншәалам. Аҧҳәыс ианылҧылалак даҽакала рхы мҩаҧыргон, урҭ абџьар зыҟәныз рарма ган ддырбар ҟаломызт ианеицәажәоз. Аҧҳәыс ахаҵа амҩа илҭар акәзар, усҟан ахаҵа убас длывсроуп, иабџьар аҧҳәыс лахь имырхакәа».

Аҽыуаҩ-хаҵа аҧҳәыс ларӷьарахь ала дгылоит, избанзар аҧҳәыс лкәадыр шькылк ауп иамоу армарахь ала, убри аҟынтә дкаҳауазар арыӷьарахь ала акәхоит, анкьа аҳәса рыуацәа ахацәа рыцымкәа ҽыла иныҟәаӡомызт.

Аҭынха-ахаҵа иуацәа-аҳәса рыгәҭа дгыланы дцалар алшоит, аҭынха гәакьа ахацәа рыгәҭа дгыланы дцоит, аиҳабы лармарахь ала дгылоуп, аиҵбы – арӷьарахь ала. 

Арӷьарахьтәи, «ҳаҭыр зқәу» аган рызкын «аиҳабацәа» қәрала, еиуарала, ҟазшьала, соиалтә статусла, армарахьтәи иадкыланы, «еиҳа заҳаҭыр маҷу», аицәажәара иалахәу «аиҵбацәа» ирызку.

Иаагозар, асас, ҷыдала аҧыжәара зырҭоз, амца зҭаз ауаџьаҟ арӷьарахь ала ддыртәон, арҧыс қәыҧш дыццакуа ҽыла днеиуазар напынҵак неигӡарц азы, иара драҧысыр ауеит иаҧхьаҟа инеиуа абыргцәа, аха армарахь ала (драҧысуеит, иҽы аныҟәашәа аармаҷны, аҭамзаара шьҭаҵаны).

«Абырги арҧыси еицны инеиуазар, аҵыхәтәантәи дивагыланы акәымкәа маҷк ишьҭахьҟа иҽаанкыланы, армарахьала дцалароуп.  Хҩык еицны амҩа ианыланы инеиуазар, усҟан аиҳабы еснагь абжьараҟны дгылоуп, агәыбжьанытә – армарахь ала, аиҵбы – арӷьарахь, аиҵбы дҵак анагӡаразы маҷк шьҭахьҟа даанхаргьы, егьырҭ аҩыџьа рымҩа иацырҵоит аетикет инақәыршәаны». 

Аиҳабы машьынала днеиуазар, иара аҧхьаҟа дҭатәоит, егьырҭ ицу апассаџьырцәа зегьы иара иаасҭа еиҵбацәазар, мамзаргьы иара ашьҭахьҟа дҭатәоит иқәлацәа дрыцны. Еиҳа пату змоу ҭыҧны иҧхьаӡоуп абжьаратәи, амашьына уанҭыҵуа аиҳабы думыргәамҵразы.

Аҽыуаҩ аҽы дақәтәон, дагьақәҵуан армарахьала, уи арӷьарахь ҳәа ишашьҭоугьы. Асас, еиҳаракгьы амаҳә,  мамзаргьы иқәыҧшу аҭынха аҩнынтәи дандәықәлалак, аҽы ахы анхара аганахь ихьаирҧшуан, ашҭа даннҭыҵлак ганла дхьаҳәуа.

Аҵак ҷыда рыман аоппозициақәа «иҳаракны - илаҟәны», «аҧхьаҟа - шьҭахьҟа», «актәи - абжьаратәи - аҵыхәтәантәи, «агәҭа - аперифериа».

Шьҭрала еиҟарам рхылҵшьҭразы фольклортә хыҵхырҭак аҿы иаҳәоит, ауаа акыраамҭа аӡы ируаз ҧхьара ҳәа аӡиас аҧшаҳәаҿы иаангылеит. Хыхьтәи апозициа аанызкылаз аҵыхәтәан иаҳцәахеит, урҭ рыҵаҟа итәаз ҭауадцәахеит, аӡиас ахықәан еиҳа илаҟәны  аҭыҧ аанызкылаз анхацәа ракәхеит.

Убри ала, иаҧҵахоит ақәыҧшыларатә еихшара, дара иааныркылоз апозициақәа рганахьала асоциалтә статусқәа уеилзыркаауа. Аетнографиатә хыҵхырҭақәа ҳрызхьаҧшуа, ҳара иҳаҧшаауеит иҳараку асоциалтә ҭагылазаашьеи уи иақәшәо еицәажәо ирыбжьаӡоу аҭыҧи реимадара шьақәзырӷәӷәо. 

«Абыргцәа еснагь еикәшаны ршьамхқәа рыҵарҟәаланы итәон, аҳ, мамзаргьы аҭауад аҟәардә дықәтәон», – иҩуан А. Миллер. Анхацәа, бжеиҳан, аҭауадцәа инарываҟәало, ма аҳаракыраҿы аҩнқәа рыргылара азин рымамызт. Ф. Торнау иҩуеит аҳ иҩнаҟны адкылара иазкны, иара аҟәардә ҳарак дықәтәан, егьырҭ анхацәа ауарҳал иқәтәон, мамзаргьы зынӡа итәаӡомызт (рықәра иахьыҧшны).

Мгәарҭаҿыҵәҟьагьы, ахшараураан аиҳабы ҳәа иҧхьаӡоу еициз рахьтә еиҳа иҳаракны иҟаз иоуп.

Иазгәаҭатәуп В. В. Аҩыӡба иҟаиҵо адырра аимак апроцесс ан ақәыҧшылара аиҿкааразы: «ҵаҟа ишьҭаз ауапа агәҭаны дтәон абжьацәажәаҩ, наҟ-ааҟ аимак зыбжьоу аганқәа рхаҭарнакцәа».

Аоппозициақәа «агәҭа - аперифериа», «афронт - атыл» аҵакы ду змоу ароль нарыгӡоит аокказионалтә етикет аҟны (А. К. Байбурин).

«Ашҭа агәҭаны, араҵла ашәшьыраҟны игылаз асасцәа рыстол иадтәаланы еицәажәон, сқыҭа гәакьа Арасаӡыхь бзыҧааи саӡааи», – еиҭалҳәоит апоетесса Б. У. Барцыц. Асасцәа рҭыҧ дырхион иҷыдоу ауадақәа рҟны (асасааирҭа), урҭ рахьтә еиҳабыз иреиӷьыз ауада изалырхуан, аҩнаҿы ауадақәа маҷызҭгьы, аиҵбацәа ашә аҿы ишьҭалон, асасцәа еиҳабацәа – уи аҿаҧхьа. Асасцәа руадаҿы убасгьы иазҧхьагәаҭан ашьҭахьтәи ашәи амардуани, асас џьара адәылҵра иҭаххар, аӡәгьы димыргәамҵырц.Асеиҧш ашәқәа аҿан ҿыц еибагаз хаҵеи ҧҳәыси руадаҿгьы, урҭ аҩнаҭаҿы зегь рышьҭахь ишьҭалон, зегь раҧхьа игылон. Усеиҧш ашәқәа рхы иадырхәон еиҭа, асас имаҭәақәа рыцқьаны, иуанҭаны рыҩнагаларазы. 

Асас идкылараз аҭыҧ аиҿкаара зхьыҧшыз амзызқәа рацәан. Уи «исасра» шаҟа аамҭа аҵанакуаз (ҽнак, мчыбжьык уб. иҵ.), амш аҭагылазаашьа, ашықәс аамҭа, асас истатус. Убас, асас уахынла даанҿасырц иҭахызар (данааиз аамҭа азгәаҭаны: ашьыжь иааз аҩныҟа дгьежьуеит, шьыбжьоншьҭахь – ауха дыҧхьон; асас дмыццакӡакәа ихы шымҩаҧигоз ала), аҧшәма днаиҧхьоит иҧсы ааиҭеикырц асас изы ҷыдала ихиоу ауадахь - асасааирҭа. Адыгақәа рҿы уи азы ҷыдала асас иҩны ыҟан – акунакцәа рзы, асас ҧшәымаҵас ихы ахьибоз.

Абар асас иааира «ус дук азы» асахьаркыратә ажәа азҟаза Ф. А. Искандер дшахцәажәо: «Сандро арҧыс аҩныҟа дааиҧхьеит, аха егьи иаахҵәаны мап икит, усҟан Сандро еиликааит, араҟа даҽак шакәу иҟалаз, иара аҵәаҵла аҵаҟа ашәшьырахь днеиҧхьеит, егьигьы игәамырҧхаӡакәа Сандро дишьҭаланы иҿынеихеит».

Апроксемикатә хымҩаҧгашьа ақьабзтә формақәа ҳҧылоит ачарақәа, аҧсыжра-ҧсхәратә қьабзқәа рҿы, уи иалахәу зегьы иалкаау аҧҟарақәа ирықәныҟәоит. 

Убас, ачара зуа аҧшәма асасцәа дырҧылоит ашҭа агәҭаны, уахь ашҭа иҭалоит еицу ахацәеи анаҩс аҳәсеи. Аинтерес аҵоуп агәырӷьара аиҿкаара ҳаамҭазтәи афактгьы, аҽқәа ирықәтәаны асасцәа ирҧылоит ақыҭа аҵыхәан, анаҩс ирыцны аҩнынӡа иааскьаргоит. 

Асасцәа убасгьы ирҧылон ашҭа агәҭаны аишәа рхианы, уи иахагылан ҩыџьа ахацәа-агәылацәа, ашҭа иҭалоз зегьы раҧхьатәи ачаратә чыс рыдыргалон.

Аҩны амардуан аҿаҧхьа акәашарақәа еиҿыркаауан: аҳәса еикәшаны игылон ганкахьала, егьи аганахь – ахацәа, аҧхьа игылон аҿар аҭыҧҳацәа, арҧарацәа, ахәыҷқәа.

Ари аҭагылазаашьаҟны аишьҭагылашьа аспецификатә формақәа, абасала: ахацәа рпозициа – аҳәса рпозициа; апозициа «аиҳабацәа – аиҵбацәа». Ахаҵа аҧҳәыс ҵаҟатәи лцәамаҭәа имбарц азы амардуан аҿы аҧхьа иара дцон. Ахаҵа қәрала еиҳа «деиҵбызар», еиуацәазар, иара иарӷьарахьала аҭыҧ лиҭон, мамзаргьы аҧҳәыс ларҭак, ҩ-ларҭак аҧхьа дгылан дхалон. 

Аишәаҿы пату зқәу ҭыҧны иҧхьаӡан, ашә аҿаҧхьа, аҧшәма иарӷьарахьала (аҩны аҧшәма қәрала «деиҵбызар», еиуарала асас иганахьала, усҟан идтәалара дақәшаҳаҭхаӡомызт, иуацәа еиҳабацәа, мамзаргьы агәылацәа ааган ирыдиртәалон). Пату змоу аҭыҧ аҿы атәара зҭахыз рыбжьара иҟан анду лганахьала, ан лганахьала ауацәа, харантә иааз асас, раҧхьаӡа акәны иааиз уб. иҵ. Убри аан ақәра уиаҟара ҳасаб азыруӡомызт, избанзар аҧсуаа рҿы аиуара еиҳа иҳаракуп. Сасра иааиз аншьа аҧшәма игәыла иаасҭа деиҵбызар, усҟан аншьа иҭыҧ аҿы агәыла диртәоит, аха агәыла дақәшаҳаҭымхар ауеит, избанзар аншьа – аиаҳәшьаҧа иҩнаҿы зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу сасуп. 

Аишәаҿы аиҳабы дахьтәаша ирбара ҟалом, уи аиҳабы даргәаар ҟалон «сахьтәоу сзымдырӡои?».

XIX –тәи ашәышықәсаз -  XX-тәи алагамҭаз ареволиуциа ҟалаанӡатәи аҧсуа ҿар, аҧшәмацәа рахьтә, зны-зынла асасцәа рахьтә аиҳабацәа аишәа ирыцахатәомызт. Дара даҽа уадак аҿы итәон, мамзаргьы зынӡа итәаӡомызт.

Асоветтә аамҭеи, уи ашьҭахьи иркьаҿыз асасдкылара аетикет аҳәаақәа рыҽдырҭбааит, агәыларатәи ажәларқәа рҵасқәеи рқьабзқәеи рымыҧсахуа.

 

 

Атәыметникатә традициақәа рнырразы XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы  А. Миллер иҩуан: «Аҧсуаа ауаажәларратә усқәеи ахьӡ-аҧша азҵаарақәа ӷәӷәала ирықәныҟәозар, егьырҭ рганахьала гәахәарыла ирыдыркылоит агырқәеи аурысқәеи  рҟынтәи аҿыцрақәа. Асасдкылараан зны-зынла аҳәсагьы алахәуп, ҧаса уи зынӡа ҟалашьа амаӡамызт».

Иҟоу аетикет анормақәа, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы артәара, ахымҩаҧгашьа иаеталонуп ҳәа иҧхьаӡоуп. 

Ҳазхәаҧшуа аишәатә етикет аспект аҿы иаагап ҿырҧштәқәак.

Аҧа (асас) иаб ивараҿы дымтәароуп, амаҳә – иабхәа иҿы, аиаҳәшьаҧа – аншьа ивараҿы уб. иҵ.

Аҳәса-асасцәа, аишәа аҵыхәахь атәара рҽазыршәон, аишәачара хыркәшахаанӡа игыларц азы; аҭаца, сасра даныҟаз, абхәа, егьырҭ лхаҵа иуацәа еиҳабацәа дрыдтәалаӡомызт. Аха лара лыҧшәма иҭаацәа зегьы аишәаҿы рыдтәалара азин лырҭаргьы, ауаа иахьырбоз уи аҩыза ҟалҵомызт. «Амаҳә - анхәа» рганахьала аҵасқәа уиаҟара иџьбарамызт, аха амаҳә зынӡа дқәыҧшзар, мамзаргьы ааигәа дрымаҳәхазар, анхәа лықәрахь днеихьазар, усҟан еишәак еицахатәар ҟаломызт (амаҳә азеиҧш еишәа дахатәомызт).

Ҳаҭыр зқәу аҧҳәыс бырг аишәа «ахаҿы» ддыртәон, аха лара уи ирхаан мап ацәылкыр ҟалон.

Абасала, ишьақәгылоит аҧсуаа рпроксемикатә хымҩаҧгашьа ақьабзтә церемониа асахьа.