International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

«Ацҳа»

«Мост» в кино

Аҟәа, қәҿиара дула имҩаҧысит аҧсуа режиссиор қәыҧш Наур Гармелиа ифильм  «Ацҳа» апремиера. Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр азал ҭәын ахәаҧшцәа рыла, урҭ рхыҧхьаӡараҿы ирацәаҩын аҿар. Уи егьџьашьатәӡам, апремиера ҟалаанӡа еилкаахеит – Санкт-Петербург арежиссиортә факультет аҟны аҵара зҵо аҧсуа студент ифильм, Урыстәыла ахьӡала ишалахәыз Ханты-Манссииск имҩаҧысуаз акинодебиутқәа жәларбжьаратәи рфестиваль  «Дух огниа», иагьшааннакылаз ахҧатә апремиа    «Бронзоваиа таига».

Акино аҭыхра хацыркын, арежиссура афакультет астудент абжьааҧнытәи идҵала – ажәада зметраж кьаҿу афильм ҭыхтәын. Аҭыхрақәа мҩаҧысуан Наур Гармелиа иқыҭа гәакьа  - Гәыҧ, иара убас Тҟәарчал ақалақьи, уи ааигәа-сигәеи. Актиорцәа рхаҭыҧан ихәмаруан арежиссиор иқыҭаҿ инхоз, ароль хадақәа руак наигӡон арежиссиор иаб. Иарбан декорациазаалак заа ихәыцмызт, урҭ зегьы аҧсҭазаараҿы иҟоу аҩнқәа, ахыбрақәа, аӡиасқәа, Наур дхәыҷы аахыс ибзианы иидыруа роуп. Убри азы акәзаргьы ҟалап иџьаушьаратәы иҧшӡаны изаарҧшу.

Афильм асиужет ала аби аҧеи, ан данҧсы ашьҭахь рхала иаанхоит, инхоит ақыҭаҿы ашьшьыҳәа. Адгьыл иқәаарыхуеит, арахә рааӡоит, ашә ҟаҵаны аџьармыкьаҿы ирҭиуеит. Аб ицәыуадаҩуп ихала иҷкәын иааӡара, игәабзиарагьы уиаҟара иӷәӷәам. Ицәыцәгьоуп аҧагьы – аҷкәын хәыҷы иаарласны изҳар акәхеит. Иҧсҭазаара еиҩнашеит ацҳа, ганкахьала, иаб, иҩны, аҭыҧҳа ҧшӡа, егьи аганахьала – ақалақь аибашьра еиланарбгаз, ауаа, аӡәы илахьынҵа хьаас измам, агәымбылџьбарара.

Сааҭк иназынаҧшуа ицоз афильм, ахәаҧшцәа зегьы ргәаҵаҟынӡа инеит, аҵыхәтәан зылабжыш аанагазгьы ыҟоуп. Жәпаҩык иазгәарҭон арежиссиор қәыҧш иҟазара атәы, ажәада аҧсуаа рыбзазара, аҧсуаа рҟазшьа, аибашьра ашьҭахьтәи ауадаҩрақәа аазырҧшыз.

Изызхәыцны иҟаҵаз кадрцыҧхьаӡа, амузыкатә еиқәыршәара аҳасабала иаҵаз ауахәаматә шәаҳәара, афырхаҵа хада ихәмарра џьашьахәы, аибашьра иннажьыз ахыжәжәарахқәа уҳәа ирылубаауеит аҧсуа қыҭа аҭыҧ ҧшӡарақәа. Афильм «Ацҳа» аҟны, иааидкыланы иаарҧшуп ахшыҩҵак ахыркәшара, аха аҭоурых акәымкәа. Афильм анҵәамҭаз, аҷкәын илшоз зегьы шыҟаиҵазгьы, иаб дыҧсуеит. Аха уи иаанагаӡом аҷкәын имчқәа каҧсеит ҳәа. Иара даанхоит ихала, аха дыӷәӷәаны.

Ахәаҧшҩы еиликаауеит, абриала арежиссиор иқәлацәа, Аҧсны ҧхьаҟатәи аҧеиҧш знапы иану, идирбарц шиҭаху, еснагь аҧсҭазаараҿы ақәҧара шаҭаху, убри шакәу хшыҩҵакысгьы иҟоу.

Наур Гармелиа ифильм – ари раҧхьатәи фильмӡам, Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи ахҭысқәа аазырҧшуа, ари атема акино знапы алаку ақәыҧшцәа лассы-лассы ишьҭырхуеит, есааира иара ахшыҩҵак ҵаулахоит, аинтерес аҵалоит.

«Ацҳа» ҭыхуп акиностудиа «Ленфильм» аҿы, даҽа шықәсык иара афестивальқәа ирылахәхалоит, макьана инарҭбааны ахәаҧшҩы ибартә еиҧш алшара ыҟам, аха Наур Гармелиа иажәақәа рыла ахықәкы хада нагӡоуп – афильм рыдыркылеит, иҧсадгьылаҿ, Аҧсны. Иазгәаҭатәуп арежиссиор қәыҧш агәра ганы дшыҟоу, Аҧсны иҭухыр ауеит ҳәа хыҧхьаӡара рацәала афильмқәа. Иҿцәажәарақәа руак аҿы иара иҳәеит,   «ҳара ҳҿы акино аҭыхразы алшарақәа зегьы шыҟоу».