International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Акомҿар, аргылаҩ, гәыла-ҧсыла – апоет

Комсомолец и строитель, а в душе – поэт


«Аҧсҭазаара анҵра – мхурсҭак ахысра иузадкылом». Абасеиҧш алкаа ҟауҵар алшоит, иуадаҩу, аха еиуеиҧшым, аинтерес зҵоу еицырдыруа анџьныр-аргылаҩ, абаза жәлар рбыргцәа рхеилак ҧасатәи ахантәаҩы, иахьазы итәанчаҩу, абазатә аул Кара-Паго ииыз Харатоков Габидин Хаджи-Мурат-иҧа изку ажәабжь уаназыӡырҩлак. Габидин изҳаит аҭаацәара ду аҟны, иара иаб ишьҭра дықәлеит – дыргылаҩхеит. Ставропольтәи аргыларатә техникум даналга, дҭалоит Ҟабарда-Балкартәи аҳәынҭқарратә университет. Анџьныр-аргылаҩ изанааҭ аниоу ашьҭахь, иара иџьатә ҧсҭазаара зегь аргылараҿ аус иуан. Раҧхьа СМУ-2 аҟны, анаҩс атрест «Карачаево-Черкеспромстрой» азауад ЖБИ аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан, анаҩс ПМК-11 атрест «Севкавказпромстрой» аиҳабыс, атрест «Карачаево-Черкесводстрой» ПМК-14 анџьныр хадеи аиҳабыси.

Аул Кара-Паго ашкол аҿы аҵара аниҵоз, Габидин илаз аиҿкааратә ҷыдаҟазшьақәа ааирҧшит. Иара напхгара азиуан аул жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи рколлектив. Уи аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит 1963 шықәсазы имҩаҧысыз аобласттә конкурс аҿы. Аколнхара «Кубань» акомҿареидгылатә комитет алахәылак иаҳасабала, акомҿареидгыла акомитет амаӡаныҟәгаҩ Рамазан Аибазови иареи 1965 шықәса, ианвармзазы Ставрополь ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Ставропольтәи атәылаҿацә акомҿартә конференциа аделегатцәас иалхын. Аконференциа аусура далахәын КПСС Ставропольтәи атәылаҿацәтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, ҧыҭрак ашьҭахь апартиа ацентр комитет Аполитбиуро алахәылас иҟалаз Михаил Андреи-иҧа Суслов. Иқәгылара ахыркәшамҭаз М.А. Суслов аконференциа аделегатцәа рахь ихы рханы иҳәеит: «Аҩызцәа аделегатцәа! Азҵаара, ма азеиӷьашьарақәа ҳәа акыр шәымазар иҩны апрезидиум ахь иаашәышьҭ, урҭ рҭак аҟаҵара сҽазысшәоит араҟа, мамзаргьы ҧыҭрак ашьҭахь ашәҟәы ианҵаны адырра шәысҭоит». Габидин игәы иаанагеит: «Акыр дацхрааҵәҟьару? Иабеиҭаху иара аул Кара-Паго?» Аха иара иҽааирхаҵан, абӷьыц ианҵаны изынеишьҭит: «Ҳаҭыр зқәу Михаил Андреи-иҧа! Изыҩуа, аул Кара-Паго Ҟәбинатәи акомҿартә еиҿкаара аделегат соуп … Ҳара ҳаул аҟынтәи Черқьесск ақалақь аҟынӡа жәохә километра роуп ибжьоу, Ҧсыжтәи ақыҭсовети, аколнхара «Кубани» реилазаара иалоуп. Аколнхацәеи аул ауааҧсыреи ақыҭатә совет, аколнхара анапхгара, Черқьесск ақалақь, егьырҭ аиланхарҭатә ҭыҧқәа рахь изцаӡом автобус ахьымныҟәо иахҟьаны. Урҭ шьапыла, ма , ҽыла, ирҧыхьашәаз акала амҩа иануп…». Аконференциаҿы иара агәра идыргеит, апроблема шыӡбахо ала. Мызкгьы мҵыцкәа аул Кара-Паго мышкахьы ҩынтә, ашьыжьи ахәылбыҽхеи Черқьесскынтәи автобус аныҟәара иалагеит. Убас, Габидин Харатоков ибзоурала, аулаа есҽынтәи рыпроблемақәа руак ӡбан.

Иахьа Габидин атәанчарахьы дыҟоуп, аха ихашҭуам иаул гәакьа: уи арха ссирқәа, абна беиақәа, ари адгьыл ҧсыла иааӡаз, аџьаус бзиа избо ауаа гәыразқәа. Иҳәатәуп, Европа ашьхақәа зегьы иреиҳау Ельбрус, арантәи унапсыргәыҵа иқәушәа ишубо.

Ари аҭыҧ џьашьахә аҧсабара иабзоураны акәхап, Габидин ишизцәырҵыз арҿиаратә доуҳа, ажәеинраалақәеи ашәақәеи рыҩра дзалагаз,ашьхақәа рааӡара, абаҳчааӡара инапы залеикыз. Ажәеинраала «Ҟәбинатәи аул» аҟны Габидин Кара-Паго азы иҩуеит абас:

Кавказ ашьхақәа рыбжьара

Игылоуп Ҟәбинатәи аул.

Адунеиаҿ иуҧылом асеиҧш

Иҧшӡоу аҭыҧқәа ҳара ҳҟнеиҧш.

Ашәа узысҳәоит са с-аул,

Схәыҷреи сқәыҧшреи ахьымҩас,

Сшьапы хтны абнараҿ схәыҷны

Афархь анеизызгоз сан лзы.

Анацәеи абацәеит уааӡеит уара ара,

Аишьцәа, аиҳәшьцәа, аҭыҧҳацәа, арҧарцәа.

Афырхацәа, аибашьраҿ зхы иамеигӡоз зынӡа,

Учеиџьыка рҿоуҵон, еидукылт зегьы.

Наунагӡа ухьыӡ ахырҵәо,

Абазақәа нхоит уара утәқәа.

Урҭ рзы аҭак уара уоуп изду,

Кара-Паго –Ҟәбинатәи аул.