International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Абазақәеи (аҧсуааи) ахацәеи аҳәсеи рцәажәара аҷыдарақәак

Некоторые особенности мужского и женского говоров абазин (и абхазов)

Ажәытә аамҭақәа раахыс,  абаскцәа (абазгааи аҧсилааи) ражәаҳәа иалан, ахацәеи аҳәсеи рцәажәараҿы иҵәаху архаикатә ҷыдарақәа, зыҧсы ҭоу аҧсуеи абазеи бызшәақәа рҿы еиқәхаз. Араҟа, аҟазшьақәа реиҩдыраагак аҳасабала иқәгылоит ацәажәашьа: аҳәса рҿы иауу абжьыҟақәа рыла иазгәаҭоу, ахацәа рҟны иауу ацыбжьыҟақәа аналукаауа аамҭазы.  Арҭ ацәырҵрақәа ирыдҳәалоу ахацәеи аҳәсеи рцәажәаратә хымҩаҧгашьа аиҧшымзаарақәа рыман. Убри инаҷыданы, аҧсуа бызшәаҿы иалукаауан ашәарыцацәа (ахацәа) рбызшәа, иара ахатә спецификатә лексика змаз. Арҭ ацәырҵрақәа, убас егьырҭгьы алитературатә бызшәаҿы иарбаӡам, уи абзазара апсихологиатә социализациа ишадҳәалазгьы.

Ахацәеи аҳәсеи рцәажәара ажәаҳәа аҷыдарақәа рыҭҵаара, аҧсуаа рҟнеиҧш, абазақәа рҿгьы иаадырҧшуеит асеиҧш ахырхарҭақәа рҿы аиҧшымзаарақәа рацәаны, дара рфонетикеи, рфонологиеи, рлексикеи, рграмматикеи рыла.

Иаагап аиҧшымзаара аазырҧшуа ҿырҧштәык: ахаҵа уахынлатәи аиакәым активла, бжьыҭгала данаҿагыло. Дара, уахынлатәи ахьчараҿы иангылоу (аиланхарҭақәа, мамзаргьы ацуҭа) шәарҭак ҟалар иацәдыршәарц азы изныкымкәа рыбжьы ҭыганы иҿырҭуан УА-ХIА-ХIАИ, мамзаргьы УА-ТА-ТАИ, уи алагьы аӷацәа ргәырҽанырҵон, аҿагылара ишазыхиоу азы. Егьырҭ алахәцәагьы, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟынтә, еицҿакны рыбжьы дыргон. Уи ала аӷацәа адырра рырҭон ргәы рыҽшану, рхыҧхьаӡара шырацәоу азы, ракзааразы ХIАЙ-ХАЙ  аҿагыларазы ТАЙ-ТАЙ.

Урҭ зегьы аҳәса аҳәара азин рымаӡамызт, хаҭала ахаҩаратә гәыҧқәа ирылахәымыз, мамзар дара ахьӡ бааҧс рхырҵон – дара рзы иҧхашьароу «ахаҵара» ХЪАЦIАХЪА. Дара аҳәсагьы менталитетла уи иазхиамызт, наҧшыҩцәак раҳасабала акәын ишыҟаз.

 Убас, аҳәса рцәажәараҿ, гәыҧлатәи, мамзаргьы хаҭала ашәара аарҧшраҟны, иуҧылон абжьыҟа ауқәа (абжьыҟа-цыбжьыҟа) ашьҭыбжьеицааирақәа, иҭынчу абжьыҭҟьақәа: УА-УА-УАИ; УА-ДЫ-ДЫД.  Даҽа хҭысқәак раан рыбжьы ҭыргон УА-У-У – уззымиааиуа мчык аҿаҧхьа ашәара аарҧшра; Й-Е-Е-Й-ИА-ИА – угәҭакы анагӡараз агәрагара анумам; ЙА-ЙА-ЙАЙ – гәалсрыла ақәыӡбара; УА-УИ-УИ – аҳәара аныҟарҵо аҧхьа ауаа рахь лаӷырӡыла ааҧхьара. Арҭ реиҧш алексемақәа ракәзар, ахацәа ирҳәар ҟалаӡомызт.

Аҳәса ари акаскад ааҭгыларада ирҳәалар рылшон. Ашәара адагьы,арҭ абстракциақәа рыла дара иаадырҧшуан аџьшьара, агәызианра, ахаҵа иххәыцра, еиҳарак ахархәара аман аҳәсеибацәеи, аӡӷабцәа тәахьақәеи рҟны. Даҽа ҭагылазаашьак аҟны ацыбжьыҟақәа ркаскад ХЬ-ХЬ-ХЬ – ахыччара; ацыбжьыҟақәеи абжьыҟақәеи ДЫ-ДЫ-ДЫД – мап ацәкра; УА-А-САРА – аҳәиҵәира, УЫ-ХВI-ХВI – ааҧсара аарҧшра, уб. иҵ.

«Ахацәа рцәажәараҿы» иалукаауан иауыз афонемақәа рышьҭыбжьқәа. Иаагозар, П-КЪ-КЪ-Ы – еихала амаҭәар ссақәа рыҧҽра; Х-Х-Х-Ы – ҳәызбала икьакьоу амаҭәарқәа рыҧҟара; ПХ-Х-ХА – икьакьоу амаҭәарқәа рыцәра, ХЪ-Щ-Щ-ГIА – ауаа рацәа рышьра, ТЫР-Р-Р – аҽы аанкылара; ТЫР-РАЙТI – бжьыла ауасақәа ргәараҵара уб. егь. Арҭ «ажәақәа», ахацәа рхымҩаҧгашьа азгәазҭо, иалацәажәон аобиект ахаҵара, ҷыдала акы анымҩаҧигоз асубиект анапхгара.

Иаагап аҧсуа ҧҳәыс илҟазшьоу аџьшьара, уи ахаҵа ахаан иҳәаӡом: ДИ-И-ДА. Ари бжьыҭҟьоуп, шамахамзар аҳәса ремоциақәа зегьы аазырҧшуа – аџьшьара, агәырӷьара, агәыҩбара, ахы бзиа абара, аҽышьақәырӷәӷәара. Абри ала аҧсуа ҧҳәыс агәалсра аалырҧшыр алшоит, дидашшЫлеит уб. иҵ.

Асеиҧш ашьҭыбжьқәа реицааира, иаҳҳәап, ачара ашәа УАРИДАДА (адыгатә хылҵшьҭразар ауеит, ажәытәан агәырӷьара иатәымзар ҟалоит)ирҳәон ахацәа гәыҧҩык (абазақәа, ма аҧсуаа), ачара ацеремониа-ахәмарра иалахәыз. Ари – аҧҳәыс аҭацаагара иазкыз ачара ашәа анагӡара алахәра азин анлымхыз акәын.

 Мамзаргьы, уарла-шәарла ахаҵа аҭагылазаашьа ахәшьара анеиҭоз, иара дахьақәшәоз. Иаагозар, имцу ашәарҭара аҭагылазаашьаҟны, ахҟьа-ҧҟьақәа зцымыз, иара ииашоуп ҳәа идикылаз, усҟан ибжьы ҭганы иҳәон Й-Й-Й ма Е-Й-Й, уи ала иааирҧшуан ихшыҩҵак анагӡара шилымшо. Ари аҩыза ахымҩаҧгашьа ахаҵа иаҭәам ҳәа иҧхьаӡан, уи аҳәса рыҟаҵашьоуп ПХIВЫСМИНРА. Ахацәа рыџьшьара, мамзаргьы ргәыҩбара  аадырҧшуан абжьыҭҟьақәа ЙАРАБИ / ИАРАБИ; ЙАУ-УАЙ / Иауа-Уеи,уб. егь.

Инеизакны аҳәса рцәажәара ахацәа ахәшьара арҭон – ари уҳәан-сҳәануп ҳәа. Ахацәа рцәажәара ахәшьара арҭон аныхаҳәара еиҧш – «ақәра, аныҳәара», дара рхы рыҧхьаӡон «ҭоуба зуз» АНЫХА ЗХӘАЗ рахь.

Ажәытәӡан, амырҭаҭра ныҟәызгоз рыбжьара, ақьабзқәа рҟны Амра-ныха иамҵахырхәон; Амза-ныха – Амза, ныха ақәра. Ҳаҭыр рықәын акромлехцәа – ныхIа (адоуҳа-ахаҳә), уи ааигәара иҧшьоу аныха ианықәуан. Убри аан НЫХА – ари ахацәа ракәын ианықәуаз, еигьи ақәра УАШХIВА зҳәоз еиҳарак аҳәса ракәын.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп, ажәытәӡан ҳабацәа рбызшәаҿы иҟаз, «ашәарыцаратә» арго (ахацәа рдиалект), абаза бызшәаҿы (Адыга быз) иӡижьҭеи акрааҵуеит Аха дара зегь рҟны инарҭбааны ахархәара аман ахьшьцәа рбызшәа, уи ахәҭакахьала еиқәхеит. Убас ауаса рыҧсаса анҵаразы иҳəы-ича, аҧхынтәи ауасаҳәырҭақәа, аӡын ЧА-РТА рҟны ахархәара аман еиҩшаз аџьа – анапхгаҩцәеи анагӡаҩцәеи. Аханатә ахьшьцәеи ашәарыцацәеи рцуҭа агәыҧ напхгара азиуан ПЧАРАХI (АХЧАЛАХI) / АБЧАРАҲ – ахьшьцәеи ашәарыцаҩцәеи рхада (ахысҩы), зхатә цәажәара ҷыда змаз. Иара, «акы здыруа / иӷәӷәоу», – аҧхьагыла, днапхгаҩын, анхамҩаҿы егьырҭ аусқәа зегьы рҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Иара «имаҵураҿы» иазгәаҭоуп ашьхатә арахәааӡара аҟазшьа П-ЧА-АР (аҿыхра + афара + ашьхақәа), аҳәырҭақәа реихшара, ашьха ҳарак альпиатәи аҳаскьынрацәа арахә ирфон хыхьтәи ахәҭа П / ПЫ – аҳаскьын хыхьтәи ахәҭа аҿыхра. Аҳәырҭақәа ииашамкәа рхы иахьадырхәоз азы адәқәа рҳаскьынқәа бжьырхуан Убри аҟнытә ламыс змам ауаа рывараҿы агылара иацәырыхьчон. 

Арҭ ахацәа рколлективқәа реимакқәа еилиргон аҳәырҭа анапхгаҩы. Иара ирабжьеигон зегьы гәыкала еизыҟазарац, ианеиҧыло еибырҳәаларц: БЗАХIВЫД / УБЗАҲƏиТ – ахьшьцәа рыҧсшәеибыҳәара (БЗА-ЙХIВЫД – арахә ибзиан иҳәларц). Абжьыуаа ахьчаҩ изеиӷьаршьон: «Бза хауцалт» – «арахә зегьы рыҧсы ҭаны иаауцааит»; бзыҧаа ус иарҳәон ауардынхьча, альпиатәи аҳәырҭахь ицоз. Иазгәаҭатәуп ашәарыцацәеи ахьшьцәеи рнапы еимданы аҧсшәа шеибырымҳәоз – уи иақәиҭымызт; рнапы еимырхуа иалагеит ҧыҭрак ашьҭахь.

Ашәарыцаҩцәа рцәажәашьа акәзар, уи ажәытәӡатәи абызшәа аҷыдарақәа иреиуан, уи ацәыӡуа иалагеит зқьи хәышә-ҩнызқь шықәса ирылагӡаны. Ари ацәажәара алексикон иалан зқьыла ажәақәа, уи иаҵанакуан иааҳакәыршан иҟоу аҧсабара, аҵиаақәа, аҧстәқәа, амаҭәарқәа рыхьӡқәа. Ҳазну аамҭазы иаанхаз бзыҧтәи ацәажәараҿы ашьҭақәа роуп. ,

 Ари «арготикатә бызшәа» аҷыдарақәа – адырразы азин змам, еиҳаракгьы аҳәса рхархәаразы (иара аӡра мзызс иамоу). Ари алексикон аелементқәа еиқәханы иҟоуп адгьыл анцәа Аитар иаҳаҭыр азы ахацәеи аҳәсеи рхшыҩҵак аарҧшраҟны, иара аҳаҭыр азы аматанеираҟны. Дара еихшахеит хаз-хазы быжьхәҭак ахацәеи аҳәсеи рынцәахәытә функциақәа рыла: аира, аҧсра, аҧсы аҭалара уб. егь. рымаӡақәа.

Ахацәеи аҳәсеи рцәажәара аҷыдарақәа, абжьааҧнытәи ацәажәараҟны  ажәеиҭарсраан иалукаауеит аморфемақәа БА и ЛА, УА,  ЙА инарҭбаан ахархәара шрымоу. Уи адагьы, аҧҳәыс лыӡбахә анырҳәо БА,  ЛА, убри инаваргыланы иалкаау ахшыҩҵак – «абара» БА,  абзиабара (иаагозар, агәӡра «ба»). Иара убас, ажәаҳәаҿы аиҩдырааратә ҟазшьақәа иалкаау рыхкы, ахаҵа изы аанаго: УА,  ИА.

Арҭ арбагақәа рҟынтәи ажәеиҭарсраҿы ишьақәгылоит алингвистикатә еиҧшымзаара. Иаагозар, ахацәа рахь УА-РА – «уара»  ИА-РА – «иара»; аҧҳәыс БА-РА – «бара»,  ЛА-РА – «лара». Уи адагьы, ахацәа ралкааразы ихадоу алексикатә ҟазшьа змоу ркомпозиттә еицааира: УА + ИА – ари ахьҭа, амшцәгьа; ИА + УА – аҟаҵарахь ааҧхьара, акы анеицыҟарҵо агәрагара илаҵаразы. Урҭ зегьы ахацәа рахь иаҵанакуеит, иаагозар, абашьра аан, мамзаргьы ааҧыни ҭагалани арахә ашьхантәи раацара аан (аҳәса дара ирыцмызт аныҟәарақәеи, ашьха ҳәырҭақәеи рахь).

Даҽа ганкахьала, ажәеицааира ИА-УА-А-А – ари аҳәса рыбжьыҭгароуп, азҵаара (агәыҩбара), ахаҵа изкыз. Иазгәаҭоуп аҧҳәыс лхымҩаҧгашьазы агәрамгара шылныҧшуа, ахацәа ахәшьара зырҭо. Мамзаргьы егьырҭ аҟазшьарба еицааирақәа ЛА + БА – ари алаба, уи иаанарҧшуеит аҧҳәыс дшазыхиоу ахақәиҭра мап ацәкра.

Убри аан, аилазаарақәа рыҩныҵҟагьы иҟоуп аиҧшымзаарақәа алингвистика аганахьала, аҳәсеи ахацәеи рыла ишоу, иаагозар абазгааи аҧсилааи рыҧсыжратә қьабзқәа рҟны. Аҧсилаа рҿы (Кавказнхыҵ) ахацәа рыбжьы рдуны амыткәма рҳәон (иқьызқьызуан), хазы игоу араионқәа рҟны (иҷыдоу амаҟақәа рыла рхы иасуан Ачыламс). Аҳәса рыӡӷы ацәа ахырхуан, рыхцәқәа ыҵырхуан (ажәытәӡатәи адыгаа, ауаҧсаа, аногаицәа рҟнеиҧш, агырқәагьы, имереҭаагьы).

Абазгаа (Аахыҵ Кавкази Нхыҵ Кавкази) хыхь зыӡбахә ҳҳәаз еиҧш акагьы ҟарҵомызт, ақьырсианра рыдыркылаанӡагьы, ҧыҭрак ашьҭахь исламгьы. Убас, ажәытәан, амацәыс иашьыз ауаҩы рыбжьы мыргаӡакәа аҵла ақәцәаҿы дыржуан, иҧсыбаҩ еиҭаганы анышә иарҭон аҧсыжырҭаҿы. Аамҭақәак рышьҭахь зегьы ус иржуа иалагеит..

Абазгаа, ахацәа рышьҭыбжь дыргомызт, аҧсы ианихагылаз, рнапқәа ргәыҵаҧсаны, уи ала иаадырҧшуан агәырҩа ду шрымоу «ргәы дшалырхуа» ГӘЫЦХӘРА. Аҳәса ҵәыуон рмыткәма ажәақәа маҷны иалаҵан. Дара, убасгьы аиныхраҿы столк еицахадыртәомызт. Убарҭ ажәытәтәи аҵасқәа зегьы еиқәхеит абазақәа рҿы, аҧсуаа рҿы акәзар, абазгтәи ма аҧсилтәи алагамҭа иарбану еиҳа аҧыжәара змоу иахьыҧшны, иуҧылоит Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны еиҧшымкәа рхы ахьымҩаҧырго.

Абазгаа рҿы ацеремониа иацын ақьабзтә шәаҳәара ГЪЫБЗА – аҳәса ирҳәоз ақьабзтә мыткәма УА-УА-УАЙ, УА-УАУ, УА-У-У уб. иҵ. Ахацәа аҧсы иҧырҵуан хынтә рыбжьы ҭганы иҳәо: УГВНАХIКВА УЫЗХIЫРГIВИД, АНЧВА ЙУЗЙЫРГIВАРАГIАД– «Ҳара угәнаҳақәа урҭаҳҵом, анцәа уаҭеимҵааит»; ХIУЗЫРАЗБ, АНЧВА ДУЗЫРАЗХАД – «Ҳара ҳаузыразуп, Анцәа дузыразхааит» (Ажәақәа анҵоуп гәымлокттәи ацәажәара жәлар рҳәашьала). Аҧсаҭатә ааргон аныҳәараз АНЫХIВАРА. Араҟа АНЦӘА – абаскаа ран-ахылаҧшҩы лсахьа.

Ахаҵеи аҧҳәыси реиҧшымзаара ХЪАЦIАРА-ПХIВЫСРА иаадырҧшуеит ацуҭаҿы «аҧҳәыс» лбызшәа астатус ҳаракы, аҭаацәара ду аҳәса хаҭалатәи рҟазшьа. Иалшоит, ари матриархат ашьҭыбжьқәа ракәзар – аҭаацәара иҧсабаратәу абиологиатә форма. Анра иасимволны иахьыҟало Амза-аҵх, Амыз-Амза – «алашара-ацыҧхь», иҧсабаратәу аиужьра АДГЬЫЛ (АДГЫЛ) – «иадгылоу», аҳәса ахшара анроуа еиҧш «анышә дашьма иқәтәаны», убас, аҧсрагьы – «анышә аҭара». Ус анакәха, ашьҭратә, анаҩс – ацуҭатә, аетникатә хатәыхьӡқәа иаадырҧшуан аира иаҿыз ажәлар рсоциалтә ҟазшьақәа.

Матриархат аҟынтәи апатриархат ахь аиасра аамҭазы ашьҭратә хьӡқәа рҽырыҧсахуеит ацуҭатә хьыӡқәа рыла: АПШИЛ – «еиҧшу аҭагылазаашьақәа рҿы иҟоу», инеизакны – «Еиҧшу / Еизгәакьоу». Аматриархат аҽаҧсахуеит апатриархат ала, аҳәса ирхылаҧшуа Анцәа, ҧсаххоит ахацәа рхаҿсахьа АБ  – «Аҧхьагылаҩык ихаҿсахьа». Аамҭақәак рышьҭахь иара иаанахәоит аформа АБА-ҚӘА – «Аҧсадгьыл», анаҩс, АБА-З-ҚӘА – «Абшьҭрала аиуара», иара убас, АБА-ЗГЬИ (АБАСКИ) – «Ажәлар зегьы абшьҭрала».

АНЦӘА  иалцараз аҽазышәара хыбгалеит, ан лсахьа нцәахәытә символны иаанхеит.Ахацәа ральтернативтә хаҿсахьақәа еиқәхеит ҳара ҳаамҭа аҟынӡа, аендоетнонимқәа раҳасабла: АБАЗА, АБАЗГАА, АБСИЛАА. Аилкаара Аҧсадгьыл цәырҵуеит аетнонимқәа – АБ-Е-ШЛА,  АБА-ШТА.

Абызшәеи ауаажәларреи рыҿиара уасхырс иаман ахацәеи аҳәсеи рцәажәара аҷыдарақәа. Убас, еиҳарак ижәытәӡатәиу аморфемақәа уҧылоит абаза хацәа ажәытәтәи рыхьӡқәа (анаҩс рыжәлақәа) абаскаа рҩыраҟны: икьаҿу, иҧыжәжәоу алексема –  афонемақәа хҧа, лексемак. Аџь, Апс, Ард, Арт, Баг, Бажә, Бал, Бат, Биш, Быџь, Гаг, ГIап, Геч, Гог, Гот, Гук, Гум, Ӡыржә, Џьыр, Кам, Кап, Кац, Кды, Кьеч, Кик, Кьич, Кок, Ло, Лау, Лых, Лах, Маз, Мат, Мыкә, Ныр, Паз, Сид, Там, Тоқә, Уаз, Хат, Хәыҭ, Хәышә, Хьышь, Чыҟә уб. иҵ. (Шә. Ионова С.Х. Абаза жәлақәеи ахьӡқәеи. URL: http://apsnyteka.org/file/Ionova_s_abazinskie_familii_ i_imena.djvu (ааҧхьара арыцхә 25.12.2018)

Арҭ ахьӡқәа рҿы иуҧылоит икьаҿу алексемақәа, дара зыхьӡу рфункциақәа ралкааразы. Уи ус изыҟоу, апатриархат аҭаацәареи аилазаареи рсоциалтә, рекономикатә, рполитикатә форманы иахьыҟоу ауп. Убри аҟынтә ахацәа ирсимволны иалырхуеит илашо Амара –  «амазаара». Егьи асимвол – анхаразы иалкаау аҭыҧ, Адгьыл-акруҿазҵо  АчIвыла – «ахатәы еиужьра». Араҟа иаҭахуп аимадарақәа рацәаны рышьақәыргылара, рсоциалтә статус аконкреттәра – аҭаацәара ду иалоу дарбанызаалак изинқәеи иуалҧшьеи, аиуара атермин ӷәӷәала иадҳәаланы.

Аилкааразы иуадаҩуп амалқәагьы: ХЪАЦIА / Ахаҵа,  ПХIВЫС / Аҧҳәыс, дара уаларгалоит ажәытәрахь – аматриархат аамҭахь, аилкаараҟны хъацIа (хъа – «ахы» + цIа / цIай – «хәыҷы»), иалкаауп аҭаацәараҿы иара хра злам ироль. Иҟалоит, аилкаара архаикатә формас иаман – ажәа ХЪЫЦI. Аилкаара «аилыҵра» ажәлар ражәаҳәаҿы иаарҧшуп ҩбаны: дыл-хъыцI-тI – «длылҵит»; дйыцIцIтI – «диҵыҵит». Мамзаргьы аилкаара – «кацо», ахаҵа иҟазшьа ҷыда атрибут етрусстәи абызшәаҿы cazzo – ахаҵа иҧхашьара; ақырҭшәаҿы кацо (k’aci) – ахаҵа, китаи бызшәала hànzi.

Атермин «пхIвыс» аҿы иҟоуп ашьагәыҭтә морфема (суффикс?) ЫС, уи уҧылоит ажәақәа «хIв-ыс» – аҳәыс, «шIышI-ыс» – аҽҵыс, «абшI-ыс» – аӡыс уб. иҵ., аҟазшьа алкаауа – аҧшқа, еиҳарак, ашьҭыбжь ырхәанчаны. Мамзаргьы аус ахьҳамоу архаизм аҟноуп, иаагозар, ПХЪВЫ-С,  ПХЪВЫ / БХЪВЫ – абахә, С / СЫ – асы, «Сыла иҭаҳәҳәоу абахә».

Иҭаҳҵаауеит етимологиа  «ПхIвыс» ахырхарҭақәа. Убас, П иҭҵаау ажәаҿы иалоуп абарҭ аҵакқәа: «п-ны» – анхарҭа аҭыҧ, «п-ахь» – ашҭа, «п-ыкв / п-ышә» – ахаҿы уб. иҵ. Ашҭыбжьцәаҳәа – ХIВЫС абри авариант аҿгьы уахәаҧшыр ауеит: ХIВ-УС. Ашьагәыҭ «хIв» – аидҳәалара / еицырзеиҧшу (иаагозар, хIв-ы-ча – аҧсаса реицырҳәра). Ажәа егьи ахәҭа «ус» – аус, аусура. П-ХIВ-УС – «ахылҵшьҭра / ашҭа / аҩны» + «еибыҳәан / рҽеимадан» + аус / аусура». Усҟан «аҧҳәыс»: «Аҩнусқәеи ахылҵшьҭреи еилазыгӡо ахаҿы».

Лара далкаауп ачҳара зҵоу аусурала – УС, абжьы ахоуп ЫС еиҧш, ажәаҳәаҿы ПХIВУС (ПХIВЫС) ҳәа ишуаҳауагьы. Араҟа П иаанагоит ихылҵыз, иаагозар, па – аҧа; пхIа – аҧҳа. Ажәа «хIа» – аҭынха беиа (хъа-хIа-ра – «ахы + ахашәала + аҟаҵара»); «хIвыс» – аҳәыс «амалҭынха».  пхIвыс – «Амалҭынха иаззырҳауа ахаҭара».

Аҭыҧҳа пхIвыс-па – «аҧҳәыс лҧа», иара ашьҭыбжь ус иҟазар акәын – «пхIвыс-пIха» ҳәа, аамҭала иӡыз, ма икьаҿхаз. Ари аҧҳәыс илыхьыӡ ҷыдамызт, ихьымӡӷымызт. Ари ажәа аауеит ажәытәраҟынтә, уи адҳәалоуп ажәлаҟны аӡӷаб лира ргәы иахьамыҳәоз, убри аҟнытә акәын изырҳәоз «аҧҳәыс лыҧҳа».

Инеизакны, ажәаҳәа асемантикаҿы иазгәаҭоуп, ахаҵа адунеи дахәаҧшуеит ҳәа иҧсы ахьеиҭеикуа адәахьтәи ҭыҧны. Убас, аилкаара ЙПСЫ ЛКIЫНХАЛТI – «иҧсы лхьынҳалт», иаанагоит арҧыс аҭыҧҳа лахь ибзиабара. Мамзаргьы ЙПСЫ ДАКВЙЫРПШТI – «иҧсы дақәирҧшит»; ПСЫ ЗХЪУ – «ҧсы зхоу», рҳәоит ахаҵара злоу ауаҩы изы; СПСЫ УХЪАШВАТI – «сыҧсы ухылаҧшааит».

Аҧҳәыс «илбоит» лыҩныҵҟатәи адунеи: абазгаа рыҳәсақәа ирҳәон СГВУ-АГВУ – «сгәы агәы», сара сыбзиабара; апсилаа сукəыхшоуп – ақьабзтә мҩаҧгара «иухьша-мыхьша сара исыхьааит», ахаҵа хынтә лнапы ихы иакәыхшаны. Иазгәаҭоуп аиҧшымзаарақәагьы абазгааи аҧсилааи рдунеихәаҧшышьаҿы. Убас, абазақәа рҿы ацәаныррақәа ргәаҿы мацара иҟоуп СГВЫ, аҧсуаа рцәаныррақәа рҵәахуан гəаҵа – ргәаҵаҿы. Аха абазақәа рҿы УАЦIА – ари аҩныҵҟатәқәа, ацәаныррақәа ирыдҳәалам.

Ахацәеи аҳәсеи рхаҭарақәа рыдагьы, иҟан егьырҭ ирацәаны аилкаарақәа, , аҳәсеи ахацәеи рзы урҭ аҧҟарақәа иалыркаауан азин ахьыҟами аҧыжәара змази аҭыҧқәа. Урҭ ирыҵаркуан аныҟәаҩцәа, аҽыуаа, ашьаҟауаа рҭыҧқәа – армарахь, арӷьарахь, ашьҭахь ма аҧхьа, еиҳабы-еиҵбыла уб. иҵ.

Абаскаа рыбзазараҿы иҟан ҩ-субкультурак: аҧыжәара змаз ахацәа ртәы, уи иахьыҧшыз аҳәсатә; еиҳабыра цәаҳәала амалҭынха аиура, аҭаацәара анаҧырҵалак анаҩс хаз-хазы рнырхара. Аҭаацәара ду  рыҩнаҭаҟны акәын, атәымуаа аныҟамыз, аҧыжәара анрымаз аматрилокалтә елементқәа, уи аадырҧшуан аҳәса еиҳабацәа.

Арҭ азинқәа зныкала реиццәырҵра аҭаацәараҿы аҧҳәыс лыстатус еиланахәон, дзиндоу, мамзаргьы лхы дақәиҭу? Атәымуаа анаҧшцәа лара дзиндоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, лара лхы дақәиҭуп ҳәа илыҧхьаӡон – ан, ахәышҭаара аиқәырхаҩ, аҭаацәаратә ҧхарра аҧызҵоз лакәны.

Анду ТАЖВ ГВЫБЗЫГА – «абырг-аҟәыӷа» аҩнаҭаҿы иҟаз аҳәса зегьы аусқәа рзеихылшон, уарла-шәарла амаҵуцәагьы ПШЦIАГЫЛА – ашҭа аҧхьатәи ахәҭаҿы игылаз. Лара лакәзар, аҭаацәараҿы аҳәса иреиҳабыз ГIВНАГIВТАЖВ, ахшараиура аамҭа иҭысхьаз, дыҧҳәыс «цқьахон», аҳәса рҭаацәаратә қьабзқәа рҟны дныҳәаҩ хадахон. Иаҳҳәап, арбаӷь ршьуан. Заа, мышқәак шагыз акалаҭ иҵакны акраҿарҵон «идрыцқьон».

Арцына акәмызт иршьуаз, насгьы аныҳәараҿы Нанду  лахь рхы дырхон (Ан Дуӡӡа): ахәыҷқәа рхылаҧшра, ажәла аизырҳара, аҭаацәара рыманшәалара. Аҭаацәара иахыҧхьаӡалоу аҳәса рыдагьы, агәылаҳәсақәагьы. Лара, анду, ақәаура азыҳәара ақьабз напхгара азылуан «Дзыуара», убас егьырҭ ацеремониақәа, аҳәса мацара инарыгӡо.

 Абду АХIБАДУ (ДАДА) – ахацәа русқәа зегьы еихызшо ЛЫГАЖВХIВАРА, хадаратәла аҩны анҭыҵ АГВАНЫ. Иара ақьабзқәа рҟны ихадаз иакәын «ақәрахьы анагара» НЫХАГIВНАГIВЛЫГАЖВ, аҭаацәаратә ҧшьаҭыҧ аҿаҧхьа КВСЫГА, ашҭа иахьаҵанакуа. Ақәаҵа аҵаҟа «ажьира-ҧшьаҭыҧ» Ажьира-ныхIа (уа икнаҳан: аҧсынгьери, ажьаҳәа, арыҭәа, аихатәы мыругақәа айхалыцI). Араҟа иара анцәа иахь ихы ирхон: ҲАЗШАЗ АНЦӘАДУ ажәлар маншәаланы, ақьабз иалахәу зегьы иныҳәоит. Анаҩс иара иааиртуан чысла иҭәыз ашҭаҿы ақәаҵа аҵаҟа игылаз аишәачара. Уи архиара иалахәын иара инапхгарала аҩнаҭа иатәыз зегьы: ахацәагьы аҳәсагьы. Иара напхгара рзиуан егьырҭ ацеремониақәеи ақьабзқәеи рацәаны.

Мҽхакы ҭбаала аларҵәара аман убасгьы, ахацәеи аҳәсеи реилыхра: иҟалаӡомызт ахацәа зхатәоу аишәа аҳәса адтәалар (итәозаргьы арымарахь ала акәын); ахаҵа атәым ҧҳәыс длыхькьысыр ҟалаӡомызт, иҧҳәыс лакәзаргьы, ихәыҷқәагьы ауаа иахьырбоз дрылакьысуамызт. Арегламент азун анхәеи амаҳәи реицәажәара, аҿар аиҳабацәа ианрацәажәоз рнапырхахара рмаҷын. Рааигәа агылареи, рацәажәараан ргылашьеи рзы аҧҟарадҵа ҟаҵан.

Иазгәаҭатәуп ацәажәараан даҽа еиҧшымзаарак. Убас, ахацәа дара рхатә ажәақәа рхәыцуан – ахыӡҷыда, анаҩс иаарыкәыршан иҟоу рзы малхоит. Ахьыӡҷыдақәа дара иззыркуа инаалоит, иҟазшьа аанарҧшуеит, иҧшреи иҩныҵҟатәи идунеии аадырҧшуеит. Дара лассы-лассы ихатәы хьыӡны иҟалон.

Раҧхьатәи ахаҵа хьыӡқәа жәытәаахыс бжьыс иахылҵуан ҳазну аамҭазы аҭыҧ змоу ахьӡҷыдақәа реиҧш. Иаагозар, Амцабыз, АчIвры (иауу, акьат), Багь (абызкаҭаҳа), Быкъв (абахә), ГвырцIа (агәырҧшра), Квыджьма (ақәыџьма), Лагъра (алаӷра), Ласы (алас), Мышва (амшә), ТIыгв (ахҭыҧшша), Уарбагь (ауарбажә), Хвыц (акьаҿ), ЦIара (аҵары), ЦIыгъ (аҵаӷа), Шарах (абнацә) уб. иҵ.

Аҳәса ракәзар, дара ахәшьара арымҭар ҟаломызт ахьыӡҷыдақәа, аха урҭ аҩнаҭаҿы иаанхон.

Урҭ ирыхьӡырҵон иааркьаҿны, ирхааны, андуцәеи абдуцәеи ианхәыҷыз ирарҳәоз ахьыӡҷыдақәа, идухаанӡа ус ирышьҭан. Абарҭ реиҧш,  ШкIвокIва (ашкәакәа), ЛаквайчIва (аблеиқәа), Хьыбла (Хьыбра – абаз.) (ахьтәы хахәы, мамзаргьы ахьтәы бла – аҧс.), Амра амратә, ТIатIа атата,  КIважва аҳкәажә, уб. ирацә. Ахәҭакахьала ирыхьӡырҵон ХьапщрчIвачIва (ахьыршәыгә), Разна (араӡны), Сгвагва (сгәы агәы) уб. иҵ.