International Association for Assistance to the Abaza-Abkhazian ethnos «Alashara»

Шаҟа нбан ыҟоузеи абаза алфавит аҟны?

Сколько букв в абазинском алфавите?


2014 шықәса анҵәамҭазы, Абазатә муниципалтә раион аҵареи акультуреи рыҟәша, абазақәа рҭоурыхи ркультуреи ирызкны ашколхәыҷқәа рыбжьара иреиӷьу аусумҭазы аконкурс рыланаҳәеит. Атемақәа рыбжьара иҟан абри аҩыза:   «Абаза аҩыра аҧҵаразы». Ари атемала арефератқәа равторцәа ирызцәырҵыз азҵаарақәа рыбжьара иҟан абри азҵаарагьы: шаҟа нбан ыҟоузеи абаза алфавит аҟны? Ари азҵаара аҭакс еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәа, еиуеиҧшым ахыҧхьаӡарақәа ааргоит: 67,  68,  69,  74 уб. иҵ.

Ишәгәалаҳаршәоит,  1932 шықәсазы хыҧхьаӡарала имаҷу абаза жәлар рзы аус адулан амилаҭтә алфавит, алатинтә графика ашьаҭала. Фышықәса рышьҭахь,  1938 шықәсазы, ари алфавит аурыс графикатә шьаҭахьы ииаган. Уи ҳхы иаҳархәоит иахьа уажәраанӡагьы.

Инаукатә усумҭақәа рҿы апрофессор П. К. Чекалов лассы-лассы зҿлымҳара ҷыда аиҭоит урыстәылатәи абазақәа аҩыра риура афакт хадара шалоу:  «…Уи амилаҭтә культура аҿиараҟны аҭыҧ ҷыда ааннакылоит. Уи иадҳәалоуп агазеҭқәеи ажурналқәеи рҭыжьра, уигьы амилаҭтә журналистика, арадио, ателехәаҧшра рыҿиара иацхраауеит. Аҩыра аиура иалнаршоит ахатәы бызшәала ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа раҧҵара: адраматә жанрқәа рцәырҵра, амилаҭтә театр аҿиара иацхраауеит, апоезиа аҿиара акәзар, уи иацуп амилаҭтә естрадатә ашәақәа рыҿиара. Ари ахҭыс иадҳәалоуп амилаҭ рхатәы бызшәа наукала аҭҵаара ахацыркра».

Алатинтә графика ашьаҭала алфавит шьақәиргылеит жәлар рырккаҩы Татлустан Табулов.  1993 шықәсазы иҭыҵыз Т. Табулов ирҵага шәҟәаҿы икьыҧхьу алфавит  52 нбан рыла ишьақәгылоуп. Аха уи ашьҭахьгьы, алфавит аус адырулозар ҟаларын, избанзар  1938 шықәсазы, иара кириллицахь аиагаразы азҵаара анырыӡбоз, анбанқәа  62 ыҟан. Абаза алфавит кириллицахь аиагара азырхиара азҵаара инапы алакын апрофессор Г. П. Сердиученко. Иара иазирхиаз авариант кьыҧхьын агазеҭ  «Краснаиа Черқьесиа» аҟны.

Аурыс графика ашьаҭала иаҧҵоу абаза алфавит аҟны ҳара иаҳҧылоит 69 ракәым  70, ус анакәха уа иҟоуп даҽа дыргак, алатинтә ҩыра нбан «И» угәалазыршәо. Иумбарц залшом, анаҩстәи ашықәсқәа рзы алингвистцәеи, арҵага шәҟәқәа равторцәеи изныкымкәа абаза алфавит азҵаара ишазыхынҳәхьаз, избанзар алфавит асахьеи, анбанқәа рхыҧхьаӡареи аҽеиҭакра иалагеит. Убас ашәҟәҭыжьырҭа  «Советскаиа енциклопедиа» аҿы иҭыҵыз  «Абаза-аурыс жәар» алагалаҟны алфавит иамоуп  71 нбан,  «Абаза бызшәа аорфографиатә жәар» (Н. Т. Табулов. Черқьесск,  1992ш.) адаҟьақәа рҿы икьыҧхьу алфавит иамоуп  67 нбан,  «Аурыс-абаза еицәажәага» (Джандаров А. М. Черқьесск,  1991ш.) адаҟьақәа рҿы иану алфавит шьақәгылоуп  68 нбан рыла.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ари азҵаара дырҩагьых ацәажәарақәа ахылҿиааит, ашколтә рҵага шәҟәқәа реиҭаҭыжьра инамаданы. Ҟарачы-Черқьестәи ареспублика аҵареи аҵарадырреи рминистрраҿы иҟоу арҵагатә-методикатә хеилак алахәылацәа зҿлымҳара арҭеит, еиуеиҧшым арҵага-шәҟәқәа рҟны абаза бызшәа алфавит анбанқәа хыҧхьаӡарала ишеиҧшым. Атеоретикатә зҵаарақәа аартны иаанхеит. Ҳара ҳгәы иҭоуп аҵарадырратә уаажәларра алацәажәаразы ицәыраҳгарц. Апрактикаҿы, алфавит ианыҧшуазароуп абаза текстқәа рҿы иуҧыло анбанқәа зегьы, ҳәа агәаанагарахь ҳнанагоит. Абри апозициа дадгылоит, уажәтәи апубликациа авторгьы.

Абарҭқәа зегьы еидкыланы урызхәыцуазар, абаза алфавит шьақәгылоуп  72 нбан рыла.